36-тәи атеатралтә сезон аҿазыҟаҵарақәа хыркәшахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпресс-конференциа иалахәын Иракли Хынҭәба, Андреи Тимошенко, Џьамбул Жорданиа
Апресс-конференциа иалахәын Иракли Хынҭәба, Андреи Тимошенко, Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс драматә театр аҿы 36-тәи атеатралтә сезон аартхоит жьҭаарамза 19 рзы, апремиератә спектакль "Рождество в доме Купьелло" Едуардо де Филиппо ипиеса ала, иқәиргылоит еицырдыруа аурыс режиссиор Андреи Тимошенко.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Роберт Џьапуа.  Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҽазыҟаҵарақәа хнаркәшоит атеатралтә сезон ҿыц алагамҭазы, иҳәеит апресс-конференциаҿы Аурыс драматә театр ахантәаҩы Иракли Хынҭәба.

"Уажәы аус адаҳулоит апремиератә спектакль. Асезон ҿыц апремиерала иааҳартуеит – уи ауп ихадароу. Уи иаҵанакуа, атеатр аԥсҭазаара ҿыц аиуеит ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Хынҭәба.

Иара убас иара иациҵеит, аурыс драматә театр ахь инеиуа ахәаԥшцәа ирбараны ишыҟоу атеатр аҿы аиҭкрақәа рацәаны ишыҟалаз. Уи раԥхьа иргыланы изыбзоуроу атеатр аколлектив шраку.

"Ҳара иахьа ҳҽеидаҳкылеит, ахәаԥшцәа ргәы иалсуа акы рымбап ҳәа", — иҳәеит Хынҭәба.

Аспектакль "Рождество в доме Купьелло" ақәыргылаҩ, аурыс режиссиор Андреи Тимошенко ажурналистцәа иреиҳәеит, ари апиеса ақәыргыла шиҭахыз акраамҭы шыҵуаз атәы. Иара иажәақәа рыла, ари аспектакль Аԥсны иқәыргылаӡамызт.

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер-постановщик Андрей Тимошенко, директор РУСДРАМа Ирайклий Хинтба и актер Джамбул Жордания
Режиссер-постановщик Андрей Тимошенко, директор РУСДРАМа Ирайклий Хинтба и  актер Джамбул Жордания - Sputnik Аҧсны
Режиссер-постановщик Андрей Тимошенко, директор РУСДРАМа Ирайклий Хинтба и актер Джамбул Жордания

"Сгәаанагарала ари апиеса ианаамҭоу иқәҳаргылоит, аколлектив ирылшоит ибзианы ахәмарра. Авторгьы даара дыбзиоуп. Апиесаҿы излацәажәо апроблемақәа иахьагьы азҿлымҳара рымоуп", — иҳәеит арежиссиор.

Аспектакль аҿы ароль хада назыгӡо Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аиҭакрақәа атеатр аҿы мацара акәӡам иахьыҟалаз, актиорцәа рыбжьарагьы иҟоуп.

36-тәи атеатралтә сезон аартхоит Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы жьҭаарамза 19 рзы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0