Аеколог: амыдаӷьцәақәа ыҟам ацәқәырԥа дуқәа ахьыҟам иахҟьаны

© flickr.com / shatteredhavenАрхивное фото ракушки
Архивное фото ракушки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арубрика Оk, Sputnik аҟны Sputnik Аԥсны акорреспондентцәа аҭак рырҭоит ироуа азҵаарақәа.

Амина Аҟәантәи: сынтәа ҳаплиажқәа рҟны шамахамзар амыдаӷьцәақәа уԥыломызт. Уи зыхҟьазеи?

Владимир Бегунов, Sputnik Аԥсны: Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар ишиҳәаз ала амыдаӷьцәақәа рыҟамзаара аекологиатә шәарҭара иадҳәалаӡам, уи зыхҟьаз амшын ацәқәырԥара ду ахьыҟам ауп.

"Амыдаӷьцәақәа рыҟамзаара еиҳарак изыдҳәало аԥхын амшын аҟны ацәқәырԥа дуқәа рыҟамзаароуп. Урҭ роуп аҵантәи иҭызго амыдаӷьцәақәа. Ацәқәырԥа дуқәа Аԥсны еиҳарак ҭагалани аӡыни рзоуп ианцәырҵуа", — иҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Уажәы еиҳарак аҟәарахьы иҿықәыԥсало арапанқәа рцәақәа роуп.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла арапан Амшын Еиқәазы иҟазшьарбаган иҟам. Урҭ арахь иӡыхнагалеит аҩажәатәи ашәышықәса азыбжазы. Аӷбақәа рыҵақәа ирыдҷабланы Иапониатәи амшын аҟынтәи иаанагеит. Ара ирԥырхагаз аныҟамла иҿио иалагеит.

2016 шықәса жәабранмзазы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны арубрика ҿыц хнартит, Оk, Sputnik! захьӡу. Апортал аԥхьаҩцәа ироуит алшара азҵаарақәа рыҭира, урҭ рҭакқәа роура. Азҵаарақәа раашьҭра алшоит FB, VK, иара убасгьы Instagram ахь. Адырраҭараҟны иарбатәуп азҵаара аазышьҭыз ихьӡ, иқәра, иҭыӡҭыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0