Ҳаџьымба: абызшәа адагьы аԥсуа ааӡара хымԥадатәиуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиа.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Абызшәа адагьы аԥсыуала ааӡареи аԥсуа культура аиқәырхареи аҵак ду рыманы иҟоуп, иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиа дидикыло. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәахьы ииасыр шакәу. Иара иазгәеиҭеит аус аамҭа шаҭаху, аха инагӡамзар ада ԥсыхәа шыҟам.

Аиԥылара далахәын аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы атәыла Ахада ицхырааҩ Ҭали Џьопуаԥҳа.

Аиԥылараҟны иара убасгьы иалацәажәан аҿар аԥсуаҵасла рааӡара азҵаарагьы. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы атәыла Ахада ицхырааҩ Ҭали Џьопуаԥҳа илҳәеит абызшәазы акомиссиахь ишнагоу аинтерес змоу апроектқәа рацәаны ҳәа азгәаҭоуп асаит аҟны.

Атәыла Ахада Нурбеи Ломиа идиныҳәалеит имаҵзура иагьизеиӷьеишьеит аԥсуа бызшәа аҿиара иазырхоу иусураҟны ақәҿиарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0