Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит
Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа цәыргақәҵала ихыркәшахеит IV жәларбжьаратәи арт-пленер "Краски осени Абхазии 2016".

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәа цәыргақәҵала ихыркәшахеит IV жәларбжьаратәи арт-пленер "Краски осени Абхазии 2016". Ацәыргақәҵа еизнагеит 130 усумҭа, имҩаԥысуан аусутә центр "Дом Москвы" аҟны.

Ацәыргақәҵа аекспозициаҟны иубар алшоит ақыҭатә пеизажқәа, ажәытә Аҟәа асахьақәа уҳәа ирацәаны. Арт-пленер аус аунаҵы амш шеилымгазгьы асахьақәа рыԥшшәқәа урыдырхалоит.

Москватәи асахьаҭыхыҩ Николаи Бутов иазгәеиҭеит абри аамҭаз ицәырҵыз аидеиақәа акраамҭа ахархәара шроуа.

Бутов — Урыстәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа иҩуеит Италиа, Франциа, Ҟрым, Урыстәыла иныҟәарақәа анымҩаԥиго.

Аԥсны иара раԥхьаӡа акәны дааит, дагьаршанхеит.

"Сара схазы иаасыртит иџьашьахәу атәыла. Араҟа иубо зегьы: ашьхақәа, амшын, ақалақьқәа, ақыҭақәа рсахьа ҭухыр алшоит", — иҳәеит Бутов.

Ацәыргақәҵаҟны актәи аҭыԥ ианашьахеит Барнаултәи асахьаҭыхыҩ Васили Кукса. Хәымш рыла Кукса аусумҭақәа 10 азирхиеит. Аихшьаалатә цәыргақәҵахь инанагеит х-усумҭак.

"Амш даарак ибзиамызт. Ақәа ауан. Уи ҳусура иаԥырхаган. Аԥсны зегь џьашьахәуп. Зегь ргәы аартуп, иразуп", — иҳәеит иара.

Аихшьаалатә цәыргақәҵахь инаган иреиӷьыз аҭыхымҭақәа. Уахь инанагеит апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа рырҿиарақәа реиԥш ААУ астудентцәа рҭыхымҭақәагьы.

Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа игәаанагарала апленер "иалнаршоит аҟазареи акультуреи ԥхьаҟа арҿиара бзиа рыҭара".

Арт-пленер иахықәкы хаданы иҟан Аԥсны аԥшӡара иныҭкааны аарԥшра. Иара иалҵшәа хаданы иҟалеит ҿыц амҩа ианыло астудентцәеи апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи русеицура.

Пленер — асахьаҭыхҩи аԥсабареи акны еилазыӡҩо ҟазаратә хырхарҭоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Буртов Николаи
Асахьаҭыхыҩ Буртов Николаи - Sputnik Аҧсны
1/7
Асахьаҭыхыҩ Буртов Николаи
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Алина Алаиа
Асахьаҭыхыҩ Алина Алаиа - Sputnik Аҧсны
2/7
Асахьаҭыхыҩ Алина Алаиа
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Зантариа Илона
Асахьаҭыхыҩ Зантариа Илона - Sputnik Аҧсны
3/7
Асахьаҭыхыҩ Зантариа Илона
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Алборты Ахсартаг
Асахьаҭыхыҩ Алборты Ахсартаг - Sputnik Аҧсны
4/7
Асахьаҭыхыҩ Алборты Ахсартаг
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа
Асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа - Sputnik Аҧсны
5/7
Асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Зураб Тыжәба
Асахьаҭыхыҩ Зураб Тыжәба - Sputnik Аҧсны
6/7
Асахьаҭыхыҩ Зураб Тыжәба
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Евгени Казанцев
Асахьаҭыхыҩ Евгени Казанцев - Sputnik Аҧсны
7/7
Асахьаҭыхыҩ Евгени Казанцев
1/7
Асахьаҭыхыҩ Буртов Николаи
2/7
Асахьаҭыхыҩ Алина Алаиа
3/7
Асахьаҭыхыҩ Зантариа Илона
4/7
Асахьаҭыхыҩ Алборты Ахсартаг
5/7
Асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа
6/7
Асахьаҭыхыҩ Зураб Тыжәба
7/7
Асахьаҭыхыҩ Евгени Казанцев

"Сынтәатәи алҵшәақәа уаанӡатәиқәа раасҭа еиӷьуп. Амш ишырнамҭозгьы асахьаҭыхыҩцәа аус бзианы ируит", — иҳәеит асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа.

Арт-пленер аиҿкааҩцәа ируаӡәку Мактина Гогьиаԥҳа илҳәеит:

"Сынтәа 200 сахьа ацәыргақәҵахь инаган. Урҭ ирылкаан 130".

Лара иазгәалҭеит асахьақәа Амилаҭтә галиреиа Афонди ААУ аҿыханҵатә кафедра Афонди рахь ишнагахо.

Аҟәа цәыргақәҵала ихыркәшахеит IV жәларбжьаратәи арт-пленер "Краски осени Абхазии 2016".

Ажәабжьқәа зегьы
0