Адгьылҵысра иахҟьаны: Шакәртәи аӡхыҽҽа аира

© Sputnik / Томас ТхайцукШакәртәи аӡхыҽҽа
Шакәртәи аӡхыҽҽа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1891 шықәса рзы Кәыдрытәи аиҩхааҟны адгьылҵысра ҟалеит. Уи иахҟьаны аӡиа Амытҟьали Шакәртәи аӡхыҽҽеи иит.

Аԥсны аҭыԥ ԥшӡаррақәа ируаку Кәыдрытәи аиҩхаа. Аҟәатәи арратә мҩала унеиуеит уахь. "Disney" араҟа иҭырхуан алакәтәыла Белогорье апеизажқәа "Последний богатырь" азы. Афильм аекранқәа рахь ицәырҵраны иҟоуп ҽааны.

Аацытәи аӡхыҽҽа - Sputnik Аҧсны
Рымчи рылшеи: Аԥснытәи аӡхыҽҽақәа рыԥшӡара

Ҳара мҩаԥгаҩыс иҳацыз Шьоҭа, иаҳзеиҭеиҳәон аҭыхрақәа раан агәыԥ уахь ишымҩаԥигоз. Дара ирҭахын ашыцра-бна аҭыхра, аха усҟантәи аамҭазы ашыц амцаԥшьхәаҷа иԥхасҭанатәит, абнарагьы ахәыҷтәы лакә азы ухы иаурхәо иҟамызт.

Ахыҽҽарахь уназго амҩа раҩсуеит аметро атунель угәалазыршәо акьыр ҽхыҭқәа. Миллион шықәсала урҭ аӡы иҵнаӡәӡәаауан. Иҟалап ажәытәӡа зны ари адгьылаҵатәи аҳәынҭқарра иҵегь иҭбаазар, аха уажәы ишыҟоу еиԥш иара адунеи иазаатит шәышықәсаҟа раԥхьа.

"Аӡхыҽҽара 1891 шықәсазтәи адгьылҵысра ишахылҿиааз удырыртә иҟоуп, — иҳәоит аҭоурыхдырыҩ Едуард Чернопиатнов, — акьыр ҽхыҭқәа ашыцламҭә рықәымиаац. Асеиԥш иҟоу апроцессқәа рзы шәышықәса зынӡаск икьаҿӡоуп".

Ҳҿаԥхьа ишьҭоу ҳаԥуп, аха адгьылҵысра иахҟьаны ахыб еилаҳаит, иаанхаз аҭыӡқәа рымацара роуп. Аӡхыҽҽахьы уназго амҩа шәҭыла иҭалаҳауп. Иара убасгьы ирацәоуп акәыкәбаақәа. Ҳаԥхьаҟа иааихьаз атуристцәа ракәхап урҭ ана-ара ишеизыргаз ҩашьом.

Ашыцламҭә зхысны иҟоу абнара ааҳакәыршаны аҳра ауеит. Аиҩхаа зегьы хыхьынтәи ԥардаҵас аҟарма азнеиуеит.

Аӡхыҽҽақәа хԥа ыҟоуп: актәи Аҭацакас ахьӡуп, аҩбатәи –Абжьаратә, ахԥатәи – Атиулень ҳәа азырҳәоит. Уи макьана зҽеиҿызымкаац сталактитуп. Аӡы ҩеижәижәаба метра иҟоу аҳаракыраҟынтәи ихыҽҽоит. Ааигәа ақәа млеицт азы Аҭацакаси, Абжьаратәи аӡхыҽҽақәа рҟны аӡы зынӡа имаҷуп. Атиулень акәзар есқьаангьы иԥшӡоуп, аԥшрала даара иугәаланаршәоит ахьӡ ззахьӡырҵаз амшынԥсыӡ асахьа.

Аӡхыҽҽақәа ирцәыхарамкәа иҵыхәраауа аӡыхь акәша-мыкәша цәышәшәӡа иҟоуп, избанзар аӡы аилазаара аиха рацәаны иалоуп.

"Арахь рацәак иҳаракыраӡам, аха амҩа ахьбааԥсу иахҟьаны еиҳарак арҭ аҭыԥқәа ирҭаауа аджипинг абзиабаҩцәа роуп", — иҳәоит ҳамҩаԥгаҩ.

Ҵаҟа, улаԥшҳәаа иахьаҵанакуа еилаӡҩоит аӡиасқәа Кәыдри Џьамԥали. Рацәак ихарамкәа иубоит ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа ауаҩы нхарҭас имаз, Аҳаԥы хьшәашәа ҳәа изышьҭоу ҳаԥ хәыҷык. Аҳаԥы аӡы ҭоуп. Аҭыӡқәа рыла иубартә иҟоуп уажәы аамҭа-аамҭала акәзаргьы зынӡа ӡыла ишыҭәло. Ателефон алашарақәа ҳхы иархәо маҷ-маҷ ԥхьаҟа ҳнаскьоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛес в долине села Цебельда
Адгьылҵысра иахҟьаны: Шакәртәи аӡхыҽҽа аира - Sputnik Аҧсны
Лес в долине села Цебельда

— Шәгәы шәҽаныз, араҟа арҵуқәа рацәоуп. Ишәҿаԥалоит, — иҳәоит ҳамҩаԥгаҩ. 50 метра ҳнеихьаны зынӡа ицәаакырахеит, аҳәынҵәагьы ҟалеит. Ҳхынҳәит.

Адәаҟны ҳҽаҳрыцқьонаҵы арахь ихалеит Воронежтәи атуристцәа гәыԥҩык.

Аӡхыҽҽа афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

1891 шықәсазтәи адгьылҵысра 8-9 балл иҟан ҳәоуп агәаанагара шыҟоу. Аӡиас Амтҟьал иаҽԥныз ашьха Шьхапаҿ хәыҷы ахылаӷьара инҭалан аӡкырҭа ҟанаҵеит. Убасоуп аӡиа Амытҟьал аира шыҟалаз. Аҳаԥы акәзар, ахыб анеилаҳа еиҩхаахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0