Акиберцәгьауҩы ашьауӷа иқәҵоуп

CC0 / / Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ӡбарҭаҟны амҩаԥысра иаҿуп IP-технологиа аусхк аҟны ацәгьоура иазку ашьаус анагӡара.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ԥшьышықәса аколониаҿ аҟазаареи ҩеижәижәаба нызқь ахараԥсеи автомобиль "Фольксваген Пассат" аилахәыра "А-Мобайл" аҭареи – абри аҩыза ашьауӷа иқәҵоуп Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Сигов, ахаша, жьҭаара 19 рзы.

Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа аԥаршеи цәгьоура мҩаԥыргеит ҳәа рус аӡбра иаҿуп Аԥсны. Жьҭаара 19 рзы Сергеи Сигов ишьауӷа шьақәдыргылеит. Владимир Трифонов иганахьала макьанагьы аусҭҵаара иаҿуп. Аԥсны Апрокуратура хада асаит аҟны иарбоуп Сигови Трифонови аԥсныҟа хаз-хазы ишааз. Урҭ ишааргаз IP-хархәагақәа. Аинтернет рҽамаданы жәларбжьаратәи иалҵуа аҭеласрақәа аҳаҩныҵҟатә ахь ииаргон. Трифонов аҳатә еилахәыра "А-Мобайл" 250 нызқьмааҭ рҟынӡа аԥхасҭа аиҭеит, Сигов — 600 нызқь рҟынӡа.

"Иалалоу аҭеласрақәа абонент изы ихәыда-ԥсадоуп, убри аан аҳатә еилахәырақәа ироуеит апроцентқәа. Еиуеиԥшым аилахәырақәа рыбжьара ибжьаҵоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны урҭ апроцентқәа ршәоит. Трифонов аҭеласрақәа исим-картахь ииаган, операторк иаҳасабала урҭ аԥарақәа "А-мобайл" ацынхәрас иара игон", — иҳәоит аҳатә еилахәыра ахаҭарнак.

"Ԥшьышықәса аколониаҿ аҟазаареи ҩеижәижәаба нызқь ахараԥсеи автомобиль "Фольксваген Пассат" аилахәыра "А-Мобайл" аҭареи – абри аҩыза ашьауӷа иқәҵоуп Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Сигов", — иҳәеит арратә прокурор Руслан Ҭарба.

Владимир Трифонов иакәзар иааиуа амшқәа рзы ишьақәыргылахоит идҵоу ахара, ашьауӷагьы изалкаахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0