Ҳаџьымба: абанктә система алҵшәақәа аанашьҭуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 19 рзы имҩаԥигеит абанктә усхк азы аилацәажәара.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 19 рзы имҩаԥигаз абанктә усхк азы аилацәажәараҟны иҳәеит, алҵшәақәа убартә еиԥш ишыҟалаз. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Аха уи иаанагом иҟоу аҟны аангылара ауеит ҳәа", — иҳәеит иара.

Амилаҭтә банк аиҳабы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит Абанк ауалԥшьақәа зегь шынанагӡо. Иара иажәақәа рыла 264 миллион мааҭ акредит шәоуп. 2020 шықәса рзы уи нагӡаны ишәахоит. Иара иазгәеиҭеит абанктә система иаку акредиттә портфель иартәоит иахьазы 3 миллиардки 687 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи миллиардки 607 миллиони Аԥсны Абанк аԥарақәа роуп.

Бараҭелиа еиҭеиҳәеит ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа рфинанстә лҵшәа аизҳара шаадырԥшуа.

Беслан Бараҭелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит ҳтәылауаа акредиттә ресурсқәа рҭахны иахьыҟоу азы Аԥсны Абанк 2015 шықәса раахыс ахы ишанархәо амеханизм ҷыдақәа.

"173 миллион мааҭ абизнес маҷи абжьаратә бизнеси акредит рыҭаразы ишоужьу. Сынтәа инаркны акарта АԤРА змоу рзы ахархәаратә кредит рыҭара ишалагаз. Уи азы Аԥсны Абанк иоунажьит 300 миллион мааҭ аԥара. Уи атәанчахәы мамзаргьы аулафахәы зоуа фымз рыла ироуа ахышәа-ҵышәа рыҭароуп. Иазгәаҭатәуп абри акредиттә продукт даара ауаа шадҵаалаз. Иахьазы асеиԥш иҟоу акредит роухьеит 2000-ҩык ҳтәылауаа", — иҳәеит иара.

Акарта АԤРА змоу ирыҭоу акредитқәа рырхынҳәра 100% артәоит. Акредитқәа ианаамҭои инагӡани ишәахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0