Аҵарауаҩ ду Артур Аншба игәалашәара иазку аконференциа мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукД. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵаарадырратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа
Д. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵаарадырратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконференциа "Кавказ афольклор аҭоурыхтә ҭынхеи иахьатәи абзазашьеи аԥсуа ҵарауаҩ афольклорҭҵааҩы, нарҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы Артур Артем-иԥа Аншба 80-шықәса ихыҵра иазку агәалашәара" захьӡу мҩаԥысуеит жьҭаара 25 инаркны 27-нӡа.

АҞӘА, жьҭаарамза 21 — Sputnik, Нонна Ҭхәазԥҳа. Аконференциа аусура еихшоуп асекциақәа хԥа рыла. Актәи азеиԥштә фольклори амифологиеи ирызкуп. Аҩбатәи азкуп нарҭҭҵаара. Ахԥатәи асекциа азкуп афольклор аҭҵаарадырратә процесс аҟны ахархәашьа апроблемақәеи алитературеи, лҳәеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа.

"Ари жәларбжьартәи аконференциа иалахәхеит: Москвантәи, Елиста, Уфа рҟынтәи аҵарауаа. Ҳара ҳаиашьаратә жәларқәа рҟынтәи адокторцәа, аҵарадырратә усзуҩцәа Маиҟәаԥынтә, Нальчикынтә, Грознинтә, Махачкалантә, Черкескынтә уҳәа асасцәа", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Аконференциа аартра мҩаԥгахоит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аконференцзал аҟны жьҭаара 25 асааҭ 11 рзы. Аконференциа актәи амш азыбжазы имҩаԥысуеит. Уа иҟоуп ихадоу ажәахәқәа хԥа. Урҭ азкуп аҵарауаҩ ду Артур Аншба имҽхак, иҭҵаарадырра, играждантә позициа.

"Аҩбатәи азыбжазын асааҭ 3 инаркны асекциақәа аусура иалагоит. Арҭқәа зегьы ахьымҩаԥгахо Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵаарадырратә институт аҟны ауп. Аконференциа иалахәхараны иҟоу асасцәа рхыԥхьаӡара 50-ҩык инареиҳауп. Аԥснынтәи иалахәу рхыԥхьаӡарагь 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит", ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Иҟоуп амифологиа иазку атемақәа, амифологиеи аԥсҭазаареи ирызку, амифологиеи аҭоурыхи реимадара иатәу атемақәа, иҟоуп акультура иазку. Иара инапы рылакын нарҭҭҵаараҿы азеиԥш проблемақәа реиԥш апоетикагьы. Иара убас нарҭдырреи аҭоурыхи реимадара азҵаарақәа. Убри аҟынтә аҵарауаҩ иҭҵаара дыррақәа акырӡа аҵанакуеит. 

АИ афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Иахьа иқәгылоит азҵаара аҵарауаҩ иусумҭақәа еиҭарзыхынҳәра, реиҭаҭыжьра.

Аконференциақәа рҿы есымша арезолиуциақәа рыдыркылоит, убри арезолиуциаҿы ихадоу апунктқәа иреиуахоит аԥсуаҭҵааратә институт аҟны афольклор аҟәшеи алитературеи русумҭақәа реиҭаҭыжьра. Абри ихадароу усны иҟало иреиуоуп аҭҵаарадырратә мҩаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0