"Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера Ҭҟәарчалтәи атеатр аҿы имҩаԥысит

© Sputnik / Илона Хварцкия"Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера мҩаԥысит Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны
Ахьы Жәабран иџьашьахә апремиера мҩаԥысит Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера мҩаԥысит адраматург Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аԥсуа аҳәынҭқарратә акамедиатә театр аҟны ашәахьа, жьҭаарамза 24 аҽны.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Александр Антокольски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы — ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы — ихашәымҵан" иаҿырԥшны икәыргылаз аспектакль алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера мҩаԥысит Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны ашәахьа, жьҭаарамза 24 аҽны. 

"Алакә ақәыргылара салагеижьҭеи акрааҵуан, аха еиуеипшым амзызқәа ирыхҟьаны иахьанӡа иааҳгон. Александр Антокольски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы — ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы — ихашәымҵан" иаҿырԥшны иқәыргылоуп ари алакә. Шьаҭас иамоуп аԥсуа афольклор аҟнытә иаадыруа ашьамаҟеи аԥсасеи рынцәахәы Жәабран аиашеи амци дшаҿагылаҩу, аџьашьахәқәа рыҟаҵара дшашьҭоу. Жәабран ироль хада наигӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа. Иазгәаҭатәуп, Ҭҟәарчалтәи актиорцәа аҿарацәа рацәаҩнгьы ишалахәыз", — ҳәа иҳәеит арежиссиор, ақәыргылаҩ Роман Сабуа.

Сабуа иажәақәа рыла, аспектакль ахықәкы хадақәа аԥсуа жәлар рдунеи хәаԥшышьа, рфилософиа, рынцәахаҵашьа шыҟаз ахәыҷқәа дырдырра ауп.

"Иқәыргылоу алакә хықәкыс иамаз нагӡахеит ҳәа сгәы иаанагоит, избан акәзар иара ахәыҷқәа ирызкын, азалгьы дара рыла иҭәын. Алакә, аԥсуа фальклор шьаҭас измоу ахәыҷқәа ирзаанарԥшырц сҭахын шаҟа ибеиоу ҳара ҳфальклор, ҳбызшәа. Исҭахын ишыхәаҷу инаркны атеатр ахь абзиабара шьҭырхырц. Иазҿлымҳазырц аԥсуа лакәқәа", — ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

"Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера иаҭааит Ҭҟәарчал ақалақь абжьаратә школқәа рҵаҩцәа.

"Сара даараӡа исгәаԥхеит ари алакә, еиҳарак Ахьы Жәабран иџьашьахә анааԥшы. Ибзиан ас еиԥш иҟоу алакәқәа лассы лассы иаҳдырбозар", — ҳәа иҳәеит ҭҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Даур Џьанашьиа.

Аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" адекарациақәа азирхиеит аԥсуа адраматә театр асахьаҭыхыҩ, адекоратор Витали Кацәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0