Оқҭаи Ҷкотуа: ҳара ҳхыԥхьаӡара егьа имаҷзаргьы, уи абызшәа ашәарҭара иҭанаргылаӡом

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаОқҭаи Ҷкотуа
Оқҭаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оқҭаи Ҷкотуа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥсуара ахеилак анапхгаҩыс дыҟоуп. Дырзааҭгылоит аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу азҵаарақәеи, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхатәы бызшәа аҭагылазаашьеи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспора иазкны зҵаарак аныуӡбо, Аԥсны иадҳәалазароуп. Арантә ахырхарҭа аҭамзар, адиаспора аҩныҵҟа иарбанзаалак зҵаарак узыӡбаӡом. Ааигәа журналк аҟны саԥхьон, уи ахшыҩҵак акырынтәгьы еиҭасҳәахьеит, уажәгьы ҿырԥштәык аҳасабала ишәзаазгоит: "Абызшәа здыруа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы мацара акәӡам изыӡуа, издыруа иахьырымҳәо азоуп".

Иахьатәи ҳара ҳҭагылазаашьаҿы, иаазгаз аҿырԥшы еиԥш еиҭазҳәо акагьы ыҟамзар ҟалап. Ҳара ҳхыԥхьаӡара егьа имаҷзаргьы, уи абызшәа ашәарҭара иҭанаргылаӡом, издыруа иахьырымҳәо ауп ашәарҭара иҭазыргыло. Сара сгәаанагарала, абызшәа ахьчара, аҳәынҭқарра ахьчара иаҩызоуп.

Срнер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Сонер Гогәуа: абызшәа ззымдыруа, изҵарц агәаҳәара зҭаху, хымԥада иҵоит

Убызшәа анумыхьча, ахәаақәа ҳцаны иҳахьчеит ҳәа акагьы аанамгозар ҟалап. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы, ахәаахәҭрақәа, ахәышәтәырҭақәа, аҩны, адәны уҳәа иарбан бызшәоу еиҳарак иуаҳауа, излацәажәо? Уи аԥсыуа бызшәаӡам, даҽа бызшәоуп.

Иара убригьы иаҳнарбоит ҳара даҽа бызшәак ҳшампыҵанахалахьоу. Убри дырны, шаҟа иуадаҩугьы еилкааны аус напы анаурклак, аиааира еиҳа имариоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷы аҵара ахьиҵо аҩнаҭаҿоуп. Уи иҿыцу аартыраӡам, еилкаау усуп. Ааигәанӡа, Ҭырқәтәыла аԥсышәала аҩышьа аԥхьашьа шырзымдыруазгьы, ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа шрымамызгьы, аԥсуаа рбызшәа еиқәырханы иааргоит. Избанзар, аҩнаҭаҿы абызшәа раҳауеит, аԥсҭазаараҿы уи абызшәа рхы иадырхәоит.

Аԥсны аҩыра ҳхы иаҳархәо ҳалагаанӡа, нас иаҳҳәозар ажәлар рҳәамҭақәа реиԥш иҟоу злеиқәхазеи? Избанзар, аҩнаҭаҿы ирҳәон, ираҳауан. Аҭаацәа рроль даараӡа акраҵанакуеит, абызшәа рҵагатә бызшәазароуп. Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа ԥсышәала ианзымцәажәа, аиаша шәасҳәоит, ҳара ҳаԥсуа бызшәа ҳзеиқәырхаӡом.

Избанзар, дара иахьырзымдыруа, иахьырзымҳәо азы, дара еилыркаауа абызшәала ацәажәара ҳалагоит. Уи иаанагаӡом егьырҭ амилаҭқәа рзинқәа пату рықәымҵара ауп ҳәа, мап ус ҟалома? Аха, абызшәа рҵароуп Аԥсны инхо ауааԥсыра зегьы аԥсшәа рдыруазароуп.  

Аԥсны иҟоу ашколқәа рызегьы аԥсышәала аҵара асистема иаҵанакуазароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам, мамзар ажәа ԥшӡақәа ус аҳауаҿы иаанхоит. Адунеи аҿы иҟаӡам ҳәынҭқаррак, ауааԥсыра рыбжеиҳараҩык рхатәы бызшәа ахьырзымдыруа. 

Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ҭали Џьапуаԥҳа: ипроблема дуны иҳамоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рбызшәа аҭагылазаашьа ҳаналацәажәо хәҭа-хәҭала иаҳшароуп. Актәи ахәҭа — абызшәа зынӡа иззымдыруа ҿыц игылаз абиԥара, аҩбатәи ахәҭа — еилызкаауа, аха изымцәажәо, ахԥатәи ахәҭа — аԥсшәа бзианы еилызкаауа, ацәажәарагьы зылшо, аԥшьбатәи ахәҭа-даара имаҷуп аха, аҩышьа аԥхьашьа здыруа. 30-40 шықәса раԥхьа, ԥшьыхәҭакны иушартә еиԥш апроблема ыҟаӡамызт.

Усҟан зегьы аԥсшәа рдыруан, избанзар аҭаацәа рҿы ираҳауан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ашьшьыҳәа аӡра иалагеит Ҭырқәтәыла, уи зыдҳәалоу еиуеиԥшым амзызқәа рацәаны иҟоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, ақалақьқәа рахь риасра, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалара.

Аха иҟоуп џьаргьы имцакәа зҭыԥқәа рҿы иаанхазгьы. Аԥсны анҭыҵ аԥсуа телехәаԥшра аҷҷаҳәа ицәажәо, ирбаратәы, ираҳаратәы ианаҳзыҟамҵа, ҳусқәа ҽеихом. Убри аҩыза алшара аинтернет иамоуп. Уажәы иаҳҳәап, зқьы шәҟәы ҭҳажьит, зықьҩык рнапаҿы иҟоуп.

Убри ашәҟәы аинтернет аҿы иҭагалан иҳамазар, миллионла ауаа ахәаԥшуеит, уи мариоуп аиҿкаара, иара убас ашәҟәқәа адискқәа рахь риагарагьы. Иззымдыруа рзы гәаанагарак сымоуп, шәааи аҭырқәа ашьҭыбжьқәа ирҭагӡаны, иаармарианы, аԥсуа бызшәа дырҵара иазку методикак аԥаҳҵап. Нас убри ала агәыбылра анырклак, ашьшьыҳәа иацырҵо иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0