Иахьа ҷыдала ҳажәеи ҳуси еимадазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә культура ажәытәан изеиԥшрази, абыргцәа ражәа акыр шаҵанакуази, иахьатәи аамҭазы ишеиқәырхоуи ртәы дазааҭгылоит Дмитри Габелиа.

Sputnik, Дмитри Габелиа

Аҧсуаа рҩыра акрахыҵуам, аха ирымоуп аҿаҧыцтә культура дуӡӡа. Ажәлар иаҧырҵеит хәы змаӡам ашедеврқәа – ажәабжьқәа, алакәқәа, аепос, алегенда, жәлар рпоезиа уҳәа – традициала ибеиоу асахьаркыратә ҿаҧыц. 

Аҧсуаа рҿы аҳаҭыр рбон ажәа, уи аҳәара. 1839 шыкәсазы Гьеч (Аҧсны маҷ) имҩмҧысуаз аҧсуа, аубла, адыга жәларқәа рконгресс иалахәыз европатәи ныҟәаҩык иҩуеит: "Избаз, исаҳаз аҟынтәи еилыскааз маҷуп. Абырг – ацәажәаҩ иқәгылара даҵашьыцрын европатәи алорд. Иубаратәы иҟоуп ажәаҳәара заанаҭс измоу рҟәыҕареи аргамахь ирымоу абзиабареи.

Ажәлар реизара хымҧада рхы аладырхәыр акәын ахацәа зегьы. Аҧсуа жәаҧҟа (афоризм) уи арҵабыргуеит: "Аизарахь изымнеиуаз аԥсуа хаҵа – ихҭырҧеи илабашьеи наишьҭыр акәын". 

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

Жәлар реизара иаӡбаз рзеиҧшын шьаҭанкыла зегьы. Амалтә, аиуаратә, аигәыцхәратә еизыҟазаашьақәа аӡбараҿы ҵакы рымамызт. Аҭауад – ду иакәзаргьы жәлар реизара агәаанагара идикылон, дахыҧомызт. 18-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аҧсны аҭауад ду Қьелышь Чачба аӡбаррахь иҧхьеит.

Уаҟа ирыӡбаз Қьелышь иажәа аҳәомызт, аха жәлар реизара агәаанагара дадымгылар ҟалозма, дрықәшаҳаҭхеит. Имариамыз аҭагылазаашьаҿы, ахҭыс аныуадаҩаз, аҧсуа ҭауадцәа Ачбеи Чачбеи еимактәык анрауаз реилыргаразы ҳаҭыр ду зқәыз аҧсуа хылҵшьҭра ахаҭарнак – Аубла иҧхьон. Аубла – шьҭра иатәыз аҧсҳацәамызт, атәыла наҧхгара азҭоз ашьҭрақәа иреиуамызт, аха уи аҭауадшьҭрақәа зегьы иреиҳан. Аҳәынҭқарратә шәҟәқәа рҿгьы раҧхьа ианыз Аубла акәын, егьырҭ, аҭауадшьҭрақәа уи иаҵарыҩуан. 

"Аҧсҳацәеи аимператорцәеи рханы игылаз Аубла, адин бызшәала иаҳҳәозар – дынцәахшан", – иҳәоит ҭырқәтәылатәи аҧсуа ҵарауаҩ Омар Беигәаа.                                                                                                                         Еиҭарҳәоит абыргцәа: Еиҿагылеит ажәлари урҭ реиҳабыреи. Имаҷымкәа ашьа каҭәеит. Иҧхьеит Аубла. Уи аҩ – ганк дрыбжьагылан ҿааиҭит: 

– Шәыҧшишь, иҳәан инапы нарықәикит адәы иқәыз аҩнытә – ҧсаатә. Акәытқәа гәыҧкны рҽеизыргеит, акәатақәа даҽа гәыҧкны. Акәатақәа аӡҭачы аҵантәи ихаргало афатә еиҩыршоит. Акәытқәа ракәзаргьы еимактәы рымаӡам. Агәыҧқәа аки-аки еиҧырхагаӡам. Ус анакәха, зыҧсы ҭоу зегьы, шамахамзар ҟыҟ-ҿыҟда еицынхартә ишоуп.

Шәазҧшы, ани арбаҕь. Уи џьара фатәык абар, акәытқәа зегьы еизнагоит, даргьы еибарыҩны, иззыгәдуу рырбаҕь иакәшаны афатә еицырфоит. Ауаҩы иакәым, арбаҕь азы раҧхьаӡа игылоу, ахатәы акәымкәа, агәыҧ аинтересқәа роуп. Уи азы агәыҧ иалоу зегьы арбаҕь бзиа ирбоит.

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Нас, ишәымбаӡои рхы шымҩаҧырго аҧсаатә. Урҭ еилыркаауеит аӡәы ихала илшара шмаҷу. Аӡәи – аӡәи шәеидҳәалоуп, шәеидымгылар шәықәӡаауеит. Аус аҿы дыҟазароуп аҧхьагылаҩ. Уи дыҧсыҽзар ижәлар хланҵы аҕьал иҭеиҵоит. Ишәыбжьашәҵа агәрагара, ҳаҭырла шәеицныҟәа, бзиа шәеибаба. Бзиа узбо уеиқәирхоит"….

Акыр аамҭа дцәажәон Аубла, аха уи анаҩс аҩ – ганкгьы ирыбжьалеит аиқәшаҳаҭреи аҭынчреи.

Аҧышәа змаз ажәлар рыӡбаҩ, ажәаҳәаҩ аҧсуаа рҿы "аҟаза", мамзаргьы "ажәазҟазаҩ" ҳәа ишьҭан. Аус егьа еиларшәзаргьы аҟаза идыруан аилыргашьа, аргама шьақәиргылаанӡа мчыбжьыла акәым, мызла дадхаларгьы имч илша зегьы адиҵон. Аҟаза анырҳәа, уи илазар акәын аҧсҭазаараҿы ауаҩи – ауаҩи рыбжьара ицәырҵуа аимактәқәа зегьы рыӡбаразы адыррақәа.

Ажәаҳәаратә ҟазара зыҟалаӡом, ахәыцратә ҟазара ыҟамзар. Актәи ззыхәшәу аӡрыҩцәа рцәаныррақәа роуп, аҩбатәи урҭ рыхдырра.

Аҧсуаа рҿы ажәаҳәара иамоуп х-хырхарҭак: абзиараҿы, ацәгьараҿы, аӡбараҿы ажәаҳәара. Абзиараҿы ажәаҳәаҩ аталбошь иажәа беиан, иҵарын, алаф ацын, исахьаркын. Ачарақәа, мамзаргьы абзиара иадҳәалаз егьырҭ аишәақәа рҿы аталбошь ибзианы идыруазар акәын аҧсуа аишәа иаҵоу амаӡақәа, акәама – ҵамақәа зегьы. Уи ажәаҳәарадагьы дазхиан ашәаҳәара, арыжәтә ажәра. Ацәгьа иатәызу, абзиара иадҳәалазу, аҧшәма талбошьс ихьӡ иҳәон ижәла, ижьрацәра иатәыз рҟынтәи аӡәы. Аталбошьра ахьӡ Аман. Уи азоуп аҧсуаа ишқәыҧшӡоу инаркны ажәаҳәара, аишәа аныҟәгара азҿлымҳара зарҭоз.

Аҧсуаа рҿы ажәаҳәара ибзианы ахархәара ахьамоу иреиуоуп аҧсы аҵыхәтәантәи амҩа иқәҵараҿы, ихцәажәараҿы. Аҧсы ихцәажәоит жьрацәарала изааигәоу, иуа – иҭахы, иҩызцәа рхаҭарнакцәа. Урҭ ражәа кьаҿын, аха иалшон аҵыхәтәантәи амҩахь инаскьаргоз дызнысыз аҧсҭазаареи, уи аҵаки аарҧшра. Ажәаҳәаҩ дзыхцәажәоз дҳәынҭқарзу дынхаҩызу иазгәеиҭоз иуаҩра, иламыс, иҷыдоу иуаҩратә ҟазшьақәа ракән. Агәаҟра аан ажәа амч ҕәҕәоуп. Уи дырны ажәаҳәаҩгьы иажәа уархәыцыртә, алкаа унарҟаҵартә иҳәоит.

Ажәаҳәара ахархәара бзиа аман аӡбарақәа рҿы. Аӡбарақәа мҩаҧысуан жәлар реизарақәа рҿы. Арҭ аизарақәа аҧшәымацәас ирымаз акрызбахьоу, акрыздыруа, акрызылшо абыргцәа ракән. Урҭ апату, аҳаҭыр ирықәыз ҳәаа амамызт. Ражәа амч ала, еилыргашьа змам аусқәа аиаша иазнаргон. Ажәлар ахә ҳаракны иршьон урҭ ражәеи рҟәыҕареи.

Аацытәи ажәабжьҳәаҩ Аҩӡба Луман изҵааит: Луман изҿуҵаада аҟәыҕара? Луман аҭакс ҿааиҭит: "Сара аҟәыҕара иҿысҵааит алашә. Шәара ижәбахьома, зныкгьы, алашә амҩаҿы агха ихьуа, дшьацәхнысло. Уи дшылашәугьы агха имаӡам".

Ауаҩы дырзыгәдузар ҟалоит аҧшӡареи аҟәыҕареи, адырреи аҟыбаҩи, деигәырҕьар ҟалоит амш бзиа, анасыҧ, агәалаҟазаара бзиа, аха ауаҩы зегьы иреиҳау ашьха ақәцәанӡа дхаларгьы, акосмос акаршәрақәа зегьы илаҧш рхигаргьы иоураны дыҟаӡам, ажәа аниҳәо, дзаҳауа данеилыркаауа иоуа ацәаныррақәа.   

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Ажәаҳәаҩ иқәгылара ишон хәҭа – хәҭала. Иажәа далагон "Ажәлар шәхаҵкы" ҳәа, урҭ рышҟа ихы нарханы. "Схы шәыхҭнысҵоит", акәын уи иаанагоз. Анаҩс иациҵон "абзиара шәықәзааит". Уи иаанагоз ажәлар акрызыӡбо мчны ишыҟаз ауп. Ацәажәаҩ иажәа хиркәшон "Абзиара шәзыҟалааит", "Ажәа шәасыршьит", ҳәа. Арҭ ажәақәа ус иаҧуп, ҳәа акәӡамызт ацәажәҩ изиҳәоз. Раҧхьаӡа иргыланы, арҭ ажәақәа ирныҧшуан ажәлар рымчи раҳаҭыри.

Ацәажәаҩ бзиа ажәала ажәлар хихуан. Уи ибжьы ардура, иааҭгыларақәа, ибжьы џьара – џьара аҧсахра, ажәаҧҟақәа, ус аҧсҭазаара аҟнытә ахҭысқәа рыла иажәа еиҿаиртәон.

19-тәи ашәышықәса актәи азбжазы Аҧсны зыхьыӡ нагаз ажәаҳәаҩцәан: ԥхынгәы 26, 1866 шықәса Лыхны, 7 нызқьҩык ауааҧсыра злахәыз жәлар реизараҿы ф-сааҭк инеиҧынкыланы ицәажәоз, зажәа ҩынтә еиҭазымҳәаз Осман Шамба, ҧақәашьтәи анхаҩцәа Ноурызи уи иаб Дадыни Чачхалиаа.

Чачхалиа Ноурыз иҩны еиҿкааны иман ажәаҳәаратә школ. Иқәыҧшыз, иҿырҧшыгаз аҷкәынцәа алхны иазыҟаиҵон, идирҵон, идирбон ажәаҳәаҩ ихы шымҩаҧигаша аҧҟарақәа. Уи алабашьа арсны, ауапа ахарҧаны ацәажәара далагон, аҵаҩцәа идырбауа.

Ажәлар ҳаҭыр зқәырҵоз, рҿахәы зҳәоз, еимактәык рыбжьаларгьы еилзыргоз ажәаҳәаҩцәа иреиуан: Бигәаа Нестор, Басариа Шьагә, Мықәба Аабыџь, Џьениа Синаҭ, Ашәба Ҳабыџь, Чаҵә Чагә, Махази Гьедлачи Арышаа, Ҭарба Кадыр, Ҭарба Гыд, Цышәба Есыф, Барцыц Басиаҭ, Лакоба Дырмит уҳәа, убас егьырҭгьы.

Ажәытә Аҧсны иҟан ажәаҳәаратә школқәа. Аҿар ахьеизалоз ашәышықәсақәа ирҭысхьоу аҵлақәа рымҵа, аҧсуа ажәаҳәаратә академианы иҟаз ҭыҧқәан. Жәлар ражәаҳәаҩцәа еиқәшәалон Лыхны ашҭа, Мықә ашҭа. Араҟа еиҿыркаауан ажәаҳәаҩцәа реицлабрақәа – "бызла аиқәҧара". Ачарақәа, аҽырҩрақәа, аныҳәатә еиниарақәа рҿы имҩаҧыргон "асамарҟәылҳәара".

Алафҳәаҩцәа ргәыҧ анааидтәалоз ажәлар рыкәшаны инагылон. Агәыҧ аҟынтә еиҳабык даарылҵны, ажәлар рахь ихы нарханы ҿааиҭуан: "Уажәы имҩаҧгахоит аицлабра, асамарҟәыл аҳәара ҳалагоит. Еизаз ҳшәыҳәоит ҳсамарҟәыл ишшәаҳауа ишәыдшәымкыларц, избанзар ари лафуп. Ҳшәыҳәоит шәгәы акы алшәмырсын.

Иҕәҕәоуп аҧсуа уаажәларра адемократиатә атрадициақәа, еиҳараӡакгьы 19 тәи  ашәышықәсазы. Уи ибзианы ианыҧшит аҭоурыхтә ҳәамҭа Қьелышьбеи. Аҭауад ду иҭархара анаҩс еизеит ажәлар. Аизараҿы иҟаз зҵаарак акәын – аҭауад, ахада иалхра. Ажәлар еимпуамызт мчыбжьык.

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Ақыҭықәа зегьы рҟынтәи инагоу ажәлақәа рхаҭарнакцәа аналырх, ажәлар урҭ хымш аҿҳәара рырҭеит рхада иалхразы. Ҭауади аамысҭеи иалырхыз ихьӡ рҳәеит, ражәа рҳәеит анхаҩыжәларгьы. Иҟалеит аимактә – аиҿактә. Ажәеизамш аҽны ажәлар ирыларҳәеит ахада дшалху, анаҩс ажәаҳәаҩ даарылҵын: "Аҧсны ахадас далхуп, анхаҩыжәлар рыбжьы зырҭаз, Қәелышь Чачба иҧа!, иҳәеит уи.

Аҧсуа филасофиа ишаҳәо ала, ахаҵа ақәҧараҿы, иабашьраҿы абџьар дазҟазазароуп, аизараҿы ажәа.

Аҧсуаа рестетизм иамоуп х-шьаҭак: актәи – ашьа қьа, "ашьа цәажәоит", — рҳәон аиҳабацәа; аҩбатәи – атрадициатә ааӡара; ахҧатәи – ахатәы бызшәа адырра, "зхатәы бызшәа ззымдыруа аҧсадгьыл аҧсахҩы дивагылоуп", рҳәон аиҳабацәа. Ашәышықәсақәа цацыҧхьаӡа аҧсуа жәлар идырҿыцуан рфиласофиа арҭ ахырхарҭақәа. Уи оуп ахьӡырҳәагақәа, жәлар рҵеицәа, афырхацәа рыира алзыршозгьы. 

Ажәаҳәара – жәларык ирҟазароуп, изыхьчо аҵасқәа иреиуоуп, ажәытә традициоуп. 

Азқьышықәсақәа шаҳаҭра рзызуа, ҳаҧсҭазаара рҵаҩыс, ҧышәас, жәабжьыс иамоу – ҳҭоурых, абиҧарақәа ирымаздо дарбану ажәаҳәаҩ иакәымзар. Уи дпрозаикуп, дгуманиступ, дпатриотуп, аха рыцҳарас иҟалаз уи иахьа ҳгәыгәҭаижьызшәа иҟалеит. Ҳаизарақәа, ҳацәгьа, ҳабзиа, ҳбызшәа ажәаҳәаҩ дышҳагу рныҧшуеит.

Ажәлар реизарақәа, реиқәшәарақәа рҿы рқьаадқәа кны инықәлоит. Ачарақәа рҿы акәзар, аныҳәа ныҟәызгаша аталбошь иажәа – ҧшӡа ишазыҧшу инагыланы рыҩныҟақәарахь ицоит. Абызшәа аҿиараҿы жәлар рҿаҧыц акыр аҵанакуазтгьы, абраҟагьы иаҳныҧшит ажәаҳәаҩцәа шмаҷхаз. Урҭ Сахьаркыла ихәыцны, ҿырҳәала иаҧырҵоз асахьаркыратә ҳәамҭақәа, ҩашьара зқәмыз ахаҿсахьақәа иахьа иҳагуп.

Ҳарҭ аҧсуа жәлар аҭоурыхтә мыҟәмабарақәа ҳрылҵны иахьанӡа ҳанааи, агәра згоит, иахьа аҭынчҧсҭазаараҿы ҳҵас бааҧсқәа наҟ инкажьны, ҳара иаҳтәым ақьабз ҿыцқәа ҳҽырцәыхьчаны, ҳбызшәа ӡырганы, ҳкәльтура шьҭыхны ахеиқәрхара шҳалшо. Иахьа иаамҭоуп аҵасгьы ақьабзгьы ҳажәлар еидызкыло доуҳатә мчны аҟаҵара. Даҽа аамҭанык иеиҧшымкәа, иаамҭоуп аҧсуа культура аӡыргара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0