Ансамбыль "Аҷандара" Шәачатәи афестиваль иалахәхоит

© Фото : Рада ЖибаАҷандаратәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Аҷандара"
Аҷандаратәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль Аҷандара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "ART Arena" мҩаԥысуеижьҭеи ҩышықәса ирықәуп. Иара иалахәуп Урыстәыла, Аԥсны, Украина, Беларуссиа, Ҟазахсҭан рҟынтәи акәашаратә коллективқәа.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. “ART Arena” 2015 аҟны аиааира згаз аколлектив аҳасабала Аҷандаратәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Аҷандара" ықәгылараны иҟоу абҵара 2 рзы Шәача имҩаԥысуа Ахәыҷтәы ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "ART Arena" аҟны ҳәа ҳкорреспондент изааицҳаит ансамбль анапхгаҩы Адгәыр Кәарҷелиа.

"Ҵыԥх ҳара актәи аҭыԥ аанаҳкылеит. Сынтәа официалла анаԥхьара ҳаҭаны афестиваль ҳаладырхәит. Уаҵәы имҩаԥысуа аконцерт аҟны иалкаахоит Гала-концерт азы аколлективқәа", — иҳәеит Кәарҷелиа.

Ахареограф иҳәоит ансамбль ишынанагӡо акәашарақәа ҩба.

Ахәыҷқәа Шәачаҟа рцаразы аԥара рзоунажьит Гәдоуҭа араион Ахадара.

Ансамбль еиҿкаан быжьшықәса раԥхьа ақыҭа Ахада Витали Џьениа иаԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0