Никоненко: Аԥсны иаауҭаху акиносахьа ҭухратәы иҟоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияУрыстәыла Жәлар рартист Сергеи Никоненко апресс-конференциа мҩаԥигеит
Урыстәыла Жәлар рартист Сергеи Никоненко апресс-конференциа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы Урыстәыла Жәлар рартист Сергеи Никоненко апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иаауҭаху акиносахьа ҭухратәы иҟоуп, иҳәеит ажурналистцәа аинтервиу рыҭо Урыстәыла Жәлар рартист Сергеи Никоненко. 

"Сара даара иҟәыӷаз асовет кинематографист исеиҳәеит, Аԥсны иаауҭаху зегьы ҭухратәы ишыҟоу. Акиносахьа "Люблю, жду, Лена" анҭысхуаз атаига ахьысыԥшааз аброуп", — иҳәеит Никоненко.

Актиор иажәақәа рыла, ира Аԥсны дааит аҟазаратә хәылԥазы мҩаԥигарц азы, уи иалахәзаауеит аԥснытәи артистцәеи, аҟазара абзиабаҩцәеи. Сергеи Никоненко иажәақәа рыла, аӡиа Риҵа даарӡа иигәаԥхеит 80-тәи ашықәсқәа рзы аҭыхрақәа анымҩаԥигоз. Аӡиа ааигәара асы шьҭазар, хә-километрак алада уаалыбаар аԥхын ҭыухыр ауан.

Аԥсны аԥсабара аҭыхрақәа рзы даара ибзиоуп, ҳәа азиҳәоит Сергеи Никоненко, иаауҭаху зегьы уааигәара иҟоуп, аамҭагьы рацәаны иақәырӡтәым аҭыԥқәа рыԥшааразы.

Никоненко дыхәмаруан Асовет Еидгыла амаршал Климент Ворошилов ироль "Пиры Валтасара" акиносахьаҿы,Фазил Искандер иҩымҭала иҭыхыз. Урҭ аамҭақәа артист иажәақәа рыла, еиҭа ирхынҳәыр иҭахуп.

Сергей Никоненко диит мшаԥымза 16 1941 шықәсазы Москва. Иара 222 киносахьа рҿы дыхәмархьеит. 17 киносахьа ихаҭа иҭиххьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0