Аҽаҩра аныҳәа

© Sputnik / Илона ХварцкияЛыхнашҭа имҩаԥысуаз аныҳәа
Лыхнашҭа имҩаԥысуаз аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақьс иамаз Лыхны, ес-абҵарамза аҽаҩра аныҳәа азгәарҭоит. Абри амш аҽны ара еицлабуеит аҽыҩҷкәынцәа, акәашацәа, ашәаҳәаҩцәа. Араҟа ргьама убоит аԥсуа чысхкқәа зегьы, аҵәца иҭыҵәраауеит раԥхьатәи акаҷыҷ-ҩы ссир.

Лыхнашҭа имҩаԥысуа аныҳәа шхацыркхази ишымҩаԥыргои шәаԥхьар шәылшоит ҳкорреспондент Рада Ажьиԥҳа ланҵамҭаҟны.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аныҳәа амш аҽны ақәа леиит, аха уи иалымшеит аныҳәа иацыз аԥхарреи агәырӷьареи рыхҽра.

Ақәа иахҟьаз аҳәынҵәа ҳԥырхагамхарц сареи ҳредактор Илонеи Гәдоуҭатәи аџьырмыкьаҟны иааҳхәаз арезинатә сапогқәа иҳалдыршон ҟьаҵәырак ыҟаӡамшәа ашҭа ахы-аҵыхәа аимдара.

Гәдоуҭа араион ақыҭақәа зегьы хаҭа-хаҭала идырхион аԥсуа-иашҭақәа. Шҭа-цыԥхьаӡа иубон аҽаҩра барақьаҭ: ажь, ахәырма, афеихо, арык-арык иҟоу аџьықәреи лапҟьақәа, аџьынџьыхәа, апырпыл ҟаԥшь, аҟабыққәа. Ана-ара инеиааиуан акәтқәеи ашәишәиқәеи. Блабырхәеи Лыхни рышҭақәа рҟны аҵәы иахадырҵәиуан ацә домбеиқәа ажәытәан еиԥшҵәҟьа.

Ацә, аџьма аҵәы иахаҵаны иӡны астол ақәҵара зылшоз соуп зҳәоз анхаҩ иакәын ҳәа еиҭарҳәоит ара еидтәалоу абыргцәа.

Анхәа ақыҭа ашҭаҿ аетнографиатә музеи аартуп. Анхәа ақыҭауаҩ Уасил Ҷыҭанаа еиҭеиҳәоит:

"Абри ижәбо апатефон санду илтәын. Акара-акараҳәа ашәа аҳәон. Абџьар акәзар, 140 шықәса ахыҵуеит, сабду иҟәнын. Амхырҭаҿы сшыцәаӷәоз ацәеиха иҵнахит. Исрыцқьан, исҵәахит ҭынхак еиԥш", — иҳәоит иара.

Араҟа иубар улшоит аҽқәа ауапа иқәзырхәмаруа аҽыҩҷкәынцәа, афольклортә ансамбльқәа рлахәылацәа. Ажурналист, аспорттә хҳәааҟаҵаҩ Адгәыр Гәынба аҿар адиԥхьалон амилаҭтә спорттә хәмаррақәа.

"Жәлар ргәырӷьамш еснагь иацуп амилаҭтә хәмаррақәа. Иахьа аҿар иаҳдырбеит иаҳхашҭхьаз, аха аинтерес ду зҵоу ахәмарра "Ахылԥахас". Асеиԥш иҟоу аныҳәа ажәытәра иагахьоу аҵасқәа, ақьабызқәа, ахәмаррақәа, акәашарақәа, ашәақәа аҿыц ԥсҭазаара рнаҭоит", — иҳәеит Адгәыр Гәынба.

Аишәачара акәзар ибарақьаҭын аныҳәа асасцәа ргьама рбон амилаҭ чысхкқәа.

"Ҽаҩраҭагалан аҽаҩра барақьаҭ ианыҳәоуп. Абри аамҭазы анхаҩцәа шамахамзар адәы иқәыргоит раарыхымҭа, иҭарҭәоит аҩы. Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа азгәарҭо иалагеит асовет аамҭақәа рзы", ҳәа еиҭеиҳәоит аныҳәа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Иураи Кәарацхьелиа.

Аныҳәа рҽаладырхәырц арахь иааиит Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи атуристцәа.

"Аныҳәа иунарбоит амилаҭ калорит ныҭкааны. Зегь аинтерес рыҵоуп. Даара ҳгәы иахәоит ҳаԥсшьарамшқәа аныҳәа амҩаԥгара иахьақәшәаз. Акызаҵәык — амшцәгьа маҷк ҳгәы канажьит", — рҳәоит Ленеи Владимири Воробиоваа.

Лыхнашҭа — амилаҭтә ныҳәақәеи, жәлар рҟазара ацәыргақәҵақәеи, аконцертқәеи, амилаҭтә ҽырыҩрақәеи ирҭыԥуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0