Ажара ақыҭан аминақәа рыԥшааит

© Sputnik / Илона ХварцкияАжара аминақәа рбеит
Ажара аминақәа рбеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Ажара ақыҭан аминақәа рыԥшааит.

АҞӘА, абҵара 11– Sputnik. Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анхарҭатә ҭыԥ Ажара аҟны ирыԥшааит иԥымжәацыз аминақәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"Аграждантә уааԥсыра рыгәҭа аԥсыҭбара ҟамларц азы аҭыԥ иаарласны иакәшаны иркит. Ирбаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы инарышьҭит. Аснариадқәа 5-10 шықәса адгьыл ишыҵазгьы, макьанагьы ишәарҭоуп", ҳәа арбоуп апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа адырра ҟанаҵоит атәылауаа ишәарҭаны ирбоу, иԥжәар зылшо амаҭәарқәа ирыламкьыскәа иахьахәҭоу адырра ҟарҵаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0