Абыжьбатәи Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум аҿы аинвестициақәа ирылацәажәоит

© Sputnik Томас ТхайцукГагратәи апарк
Гагратәи апарк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыжьбатәи Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум аҿы Аахыҵ-Уаԥстәыла аинвестициақәа рзы уздызыԥхьало акәны ишыҟоу атәы аҳәоит.

АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik. Абыжьбатәи Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум аҿы Аахыҵ-Уаԥстәыла аинвестициақәа рзы уздызыԥхьало акәны ишыҟоу атәы аҳәоит, ҳәа Sputnik Аахыҵ-Уаԥстәыла иазеиҭеиҳәеит Аекономикатә ҿиара аминистр Вилиам Дзагоев.

VII Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум "От стратегии к истории успеха" мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны, абҵара 15 рзы. Иара аусура иалахәхоит абизнесуаа, атәылақәа рыҩба рнапхгара ахаҭарнакцәа, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Афорум ахь иааԥхьоуп Аахыҵ-Уаԥстәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алан Техови Аекономикатә ҿиара аминистр Вилиам Дзагоеви.

"Ҳара ари афорум ахь иконкреттәу проектқәак наҳгом. Ҳара иаҳҭахуп Аахыҵ-Уаԥстәыла аинвестициақәа азхьазырԥшыша аҭагылазаашьақәа аԥҵаны ишыҟоу еиҭаҳҳәарц, ҳалацәажәарц аинвесторцәа иргәаԥхаша ауалшәаратә политика шымҩаԥааго", — иҳәеит Дзагоев.

Аахыҵ-Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа афорум алахәылацәа ирыдыргалараны иҟоуп ареспублика аинвестициатә паспорт.

Уаанӡа Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба еиҭеиҳәахьан афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны ишыҟоу атематикатә стол гьыжьқәа, ишазыԥхьагәаҭоу атуризм, ақыҭанхамҩа, аенергетика уҳәа рызҵаарақәа рылацәажәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0