Цандрыԥшьтәи ахәыҷбаҳча "Алакә" амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷбаҳча "Алакә" амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит
Ахәыҷбаҳча Алакә амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшьтәи ахәыҷбаҳча "Алакә" аҟны амцаҽацәыхьчаратә ҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

ГАГРА, абҵарамза 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҵара аҟәша аԥшьагарала, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Цандрыԥшьтәи аҟәша ацхыраарала ахәыҷбаҳча "Алакә" аҟны имҩаԥысит амцаҽацәыхьчаратә ҵара. Уи хықәкыс иаман, ахәыҷбаҳча аусзуҩцәа амцакраан рхы шымҩаԥыргаша деилыркаара, ахәыҷқәа амца иахҟьо амашәыр атәы дырбара.

Асценари инақәыршәаны, ахәыҷбаҳча аҩбатәи аихагылаҟны акттә зал аҿы амцакра ҟалеит. Ахәыҷбаҳча аиҳабы иаразнак амцарцәартә ҟәшахьы аҭагылазаашьа ҷыдазы адырра ҟалҵеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷбаҳча "Алакә" амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит
Ахәыҷбаҳча Алакә амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷбаҳча "Алакә" амцаҽацәыхьчаратә ҵара иахысит

Амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҟны инеиаанӡа, ааӡаҩцәа ахәыҷқәа адәылҵырҭа ҷыдала адәахьы идәылыргеит.

Амцаҽацәыхьчаратә усмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз хылаԥшра арҭеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар, аҵара аҟәша алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵаразы аспециалист хада Гамлет Елбакиан, араион ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәеи.

"Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит Гагра араион егьырҭ ахәыҷбаҳчақәа рҟынгьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп, амцакраан, ахәыҷбаҳча аусзуҩцәа рхы шымҩаԥыргаша деилыркаара. Дара ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан еиҳа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Гәыԥҩыла асабицәа рыԥсҭазаара рнапы иануп. Убри аҟнытә рҽақәдыршәароуп ирццакны, ахәыҷқәа ааха рмоукәа рдәылгара. Ахәыҷқәа ракәзаргьы, арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылагӡаны идырбахоит амца акра шымариоу, аха арцәара шыуадаҩу. Идеилдыркаауеит амцала ахәмарра шыҟамло", — иҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Цандрыԥшьтәи ахәыҷбаҳча "Алакә" аиҳабы Ельвира Возба амцаҽацәыхьчаратә ҵара рзымҩаԥызгаз иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Хымԥада ас еиԥш иҟоу аҵара, хәыҷи-дуи иднарбоит амцаҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ишрықәныҟәатәу. Амцакраан ҳара иаҳуалу рацәоуп, ахәыҷқәа реиқәырхаразы, убри аҟнытә аспециалистцәа иҳабжьарго зегьы гәнаҳкалоит. Анаҩс, егьырҭ амшқәа раан, ааӡаҩцәа ахәыҷқәа ирылабжьоит, идеилдыркаауеит амца иахҟьо амашәыри уи аԥырҟәҟәареи ирыдҳәалоу аԥҟарақәа", — ҳәа азгәалҭеит ахәыҷбаҳча аиҳабы Ельвира Возба.

Ажәабжьқәа зегьы
0