Ешба: аенергетика аҿиара аекономика аҿиарагьы иацхраауеит

© SputnikАбыжьбатәи Аԥснытәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь
Абыжьбатәи Аԥснытәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыжьбатәи Аԥснытәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь "Стратегические направления развития электроэнергетики Абхазии с учетом связей с ЕЭС России".

АҞӘА, абҵара 15 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба иазгәеиҭеит аенергетика аҿиара аекономика аҿиарагьы иацхраауеит ҳәа.

"Ҳара џьарак агылара ҳақәшаҳаҭым, аизҳареи аҿиареи рымҩа ҳақәуп. Иаҳҭахуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ԥхьацара, аиҳаракгьы хырҩа азаауеит атуризм, ақыҭанхамҩа, ааглыхра уҳәа егьырҭгьы", — иҳәоит Ешба.

Аилахәыра "Россеть" адиректор хада Олег Бударгин иҳәоит: "аигәыларатә енергосистемақәа русеицура иланарҟәуеит атарифқәагьы", ҳәа.

Бударгин ҿырԥштәны иааигоит европатәи аенергосистема.

Иара иҳәоит Аԥснытәии Урыстәылатәии аенергосистемақәа ринтеграциа мҩаԥысыр алшоит ҳәа. Уи азы аҭагылазаашьа ҭҵаатәуп, абзиарақәеи ацәгьарақәеи шәатәуп, икапантәуп ҳәа.

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа дақәшаҳаҭуп анхамҩатә еимадарақәа шеиҵыхлатәу аха убри аан: "арҭ азҵаарақәа рылацәажәара хацҳаркыр алшоит, аха зегьы шәаны икапанны. Даара маршәаркыла ҳазнеины", ҳәа.

2016 шықәса, абҵара 15 рзы Аҟәа иаатит абыжьбатәи Урыстәыла Аԥснытәи Аусутә форум "От стратегии к истории успеха".

Ажәабжьқәа зегьы
0