"Аԥсны аҵаратә салон" ацәыргақәҵа аатит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны аҵаратә салон" ацәыргақәҵа аатит
Аԥсны аҵаратә салон ацәыргақәҵа аатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи, Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи рҵаратә еиҿкаарақәа рхы аладырхәит ацәыргақәҵа "Аԥсны аҵаратә салон".

АҞӘА, абҵара 18 ноя – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсни Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи рҵаратә еиҿкаарақәа рхы аладырхәит ацәыргақәҵа "Аԥсны аҵаратә салон". Асалон хықәкны иамоуп ареспублика аҵара-ҭҵаарадырратә еилазаара аҿыцрақәа дырдырра иҳәеит ҳкорреспондент аинтервиу иҭо Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа.

"Ара ицәыргоуп Аԥсны аҵаратә еиҿкаарақәеи аусҳәарҭақәеи, Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи раалыҵқәа. Иубар алшоит аҭыжьырҭақәа "Просвещение" "Дрофа" раалыҵ. Нхыҵ-Кавказтәи Нижни Новгородтәи ауниверситетқәа, Афонд "Аԥсны", "Аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд" уҳәа раалыҵқәа цәыргақәҵоуп. Алахәылацәа еиҭарҳәоит рылшамҭақәа рыӡбахә, иалацәажәоит рыгәҭакқәа", — иҳәеит Гәарамиа.

Академиа LEGO Education атренер Алексеи Кузьмин иазгәеиҭеит ацәыргақәҵахь ааԥхьара дшеигәырӷьаз.

"Ҳара ҳганахьала араҟа ицәыргақәҵоуп LEGO Mindstorms — ахәыҷқ́а аинформатика, апрограммаҟаҵара, аробототехника дзырҵо", — иҳәеит Кузьмин.

Ацәыргақәҵа иаҭааз Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҵара асистема ацхыраара ишазыхиоу.

Абҵара жәаа рзы иаатыз раԥхьатәи "Аԥсны аҵаратә салон" аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы ирзааҭгылараны иҟоуп Аԥсны аҵаратә еиҿкаарақәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи русура азҵаарақәа, имҩаԥгахараны иҟоуп амастер-классқәа.

Афорум аҽалархәразы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла, Приднестровие, Донецктәи жәлар рреспублика, Лугансктәи жәлар рреспубликеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵаратә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0