Аԥсуа бызшәа иазку афильм "Кунаки" аҳәаақәа ирҭагӡаны иддырбоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа бызшәа иазку афильм "Кунаки" аҳәаақәа ирҭагӡаны иддырбоит
Аԥсуа бызшәа иазку афильм Кунаки аҳәаақәа ирҭагӡаны иддырбоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" мҩаԥысуеит Аҟәа абҵара 19 - 24 рзы Аҟәа.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Арежиссиор Манана Кокосқьырԥҳа лдокументалтә фильм "Аԥсуа бызшәа: иацы, иахьа, уаҵәы" алоуп Х Акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" апрограмма. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит афильм автор.

Манана лажәақәа рыла афильм аԥҵан ҩышықәса раԥхьа, хықәкы хаданы иаман аԥсуа бызшәа апроблемақәа раарԥшра.

"Ҳара даара иаҳҭахын апроблема ауаа ргәаҵанӡа инеирц, аиҳаракгьы иаԥсыуааны абызшәа ззымдыруа. Уи адагьы – ара иҳаланхо егьырҭ амилаҭқәагьы ргәаҟынӡа ҳапроблема наагарц ҳҭахын", — лҳәоит Манана Кокосқьырԥҳа.

Апроблема аӡбшьазы абри аус иадыԥхьалан абри аусхк иазҟазоу аҳәаанырцәтәи азанаҭуаа.

Афестиваль Кунаки Аҟәа имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Кунаки" Аҟәа имҩаԥысуеит

"Адунеи аҟны иҟоуп абызшәа апроблемақәа ириааихьоу аԥышәақәа. Убри азы ҳара ҳаҟан Москва, Ханты-Мансииск. Иҭаҳҵааит Хакассиа аԥышәа. Израильтәи ареспондентгьы дыҟан", — лҳәоит лара.

Автор лфильмқәа руак VIII афестиваль "Кунаки" иалахәхахьан.. усҟан идырбан адокументалтә фильм "Варвара Бубнова – Россия, Япония, Абхазия. Афильм ианашьан аҩбатәи аҭыԥ.

Афестиваль афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы ҳәа рҳәоит афестиваль аиҿкааҩцәа.

Ажиури ахантәаҩыс дҟалоит: Евгени Голынкин, ажиури иалахәхоит: Виачеслав Аблоҭиа, Мурат Джусоев, Касеи Хачегогу, Сергеи Куракин, Ефим Резников, Григори Гиберт. Акинофестиваль "Кунаки" еиҿкаахеит 2007 шықәса рзы. 2014 шықәса рзы уи раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0