Ахәыҷтәы хәмарырҭа ҿыц Аҟәа иаартхоит

© Sputnik Владимир БегуновСтроительство детской площадки в центральном парке Сухума
Строительство детской площадки в центральном парке Сухума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иаартхоит ахәыҷтәы хәмарырҭа. Угәы иаахәом уи амҩадуқәа иахьрыбжьарку. Ақалақь анапхгареи ауааԥсыреи ргәаанагарақәа ҭиҵаауан ҳкорреспондент.

Sputnik, Владимир Бегунов

Ақалақь Ахадара аҿаԥхьатәи апарк аҟны аргыларатә усурақәа ирҿуп. Апрораб иажәақәа рыла араҟа иаадыртраны иҟоуп ахәыҷтәы хәмарырҭа. Иара шҭахыркааша атәы макьаназ аӡәгьы издырам. Аҭахкаара ргәы иҭаӡамзар, усҟан ахәыҷқәа ршәарҭадара иахылаԥшуада?

Ақалақь архитектор хада лхаҭыԥуаҩ Ҭимур Занҭариа иажәақәа рыла ахәмарырҭа ҭыԥ дыргылоит ахҵәацәа рзы Даттәи ахеилак аԥарақәа рыла. Акызаҵәык – иалырхыз аҭыԥ азҵаара рацәа цәырнагоит.

"Азакәан ала ахәыҷтәы хәмарырҭа ҭыԥ амҩадуқәа ирыцәхыкзароуп 12-15 метра рҟынӡа – ҳәа еиҭеиҳәоит архитектор-дизаинертә студиа "Lomiya" адиректор Ҭимур Ломиа. — уи адагьы амҩеи аҭыԥи рыбжьара иҟазароуп атротуар. Насгьы ари апарк еиҳа бзиа ибаны иаҭаауа аҿар роуп".

Архитектор хада лхаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аҭыԥ алызхызгьы Даттәи ахеилак ауп.

"Сара исзеилкаауам уи Араион ҿыц ахь ииагатәуп зҳәо. Араҟагьы ахәыҷқәа нхоит, ирызҳауеит", — иҳәоит Занҭариа.

Ахҵәацәа рзы Даттәи ахеилак ахҳәааҟаҵара мап ацәнакит. Иара аусзуҩцәа азҵаарақәа рҭак аҟаҵара азин рымоуп аобиект ргылан ианалгалак.

Ахәыҷқәа рҭаацәагьы ахәыҷқәа ршәарҭадара шазыԥхьагәаҭоу аинтерес рымоуп.

"Ари араион аҿы хымԥада иаҭахуп ахәыҷыхәмарырҭа ҭыԥ. Ҳгәы еихьызшьуа иара амҩадуқәа иахьрыбжьакхо ауп. Хымԥада аҭахкаара аҭаххоит", — лҳәоит ҩыџьа ахәыҷқәа ран Наталиа Боџьгәуаԥҳа.

Ахәмарырҭа ҭыԥ акәзар мызк аҩныҵҟа ахархәарахь ирыҭазарц азыԥхьагәаҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0