СПИД аҿагылара амш Аҟәа имҩаԥган

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото лаборатории
Архивное фото лаборатории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ацентр "СПИД" ԥхынҷкәын 1, СПИД иаҿагылан ақәԥара амш аҽны, аҳҭнықалақь Ахадараҟны имҩаԥнагеит акциа. Уи ихы алаирхәит Sputnik акорреспондентгьы. Sputnik, Бадри Есиава

Еиҭаҵуа алабораториа Аҟәа ақалақь агәҭаҵәҟьа игылан. Уахь инеиит ажурналистцәагьы. Арахь иааиуан иҟо збарц зҭахыз амҩасцәагьы. Алабараториаҿ хәыда-ԥсада имҩаԥыргон инеиуа ауаҩы СПИД имоу имаму.

Автомобиль аҩныҵҟа амедеҳәшьцәа ҩыџьа рыда аԥсихологгьы дыҟан.

"Шәыхьӡ раԥхьатәи анбан? Заҟа нбан рыла ишьақәгылозеи шәыжәла? Шәан лыхьӡ аԥхьатәи анбанқәа?" —  абар зҵаарақәаны сара исылҭаз аԥсихолог Рената Ануаԥҳа. Лара илҳәеит ари аинформациа  абланк ахь ишиалго.

Ада аҟынтәи иргаз ашьа иара убраҵәҟьа игәарҭеит. 20 минуҭ рышьҭахь аҭак ҟалеит.

Асааҭ  11 рзы сара саабатәин. Уаанӡа имҩаԥыргахьоу акциақәа инарықәыршәаны мышкала агәаҭарахь инеир рылшоит 20 – 30-ҩык  рҟынӡа. Уи егьмаҷым, егьырацәам ҳәа уҳәар алшоит. Сара сакәзар "зегь маншәалоуп" ҳәа сарҳәеит.  Ус шакәыз шыздыруазгьы сгәы маҷк ихыҭ-хыҭуан.

Аҟәатәи ацентр "СПИД" хәыда-ԥсада  Гепатит В, С, ВИЧ, СПИД агәаҭара мҩаԥыргоижьҭеи хышықәса ҵуеит.

Ацентр "СПИД" аԥсихолог Рената Ануаԥҳа илҳәоит ауаа абри ачымазара иацәыхьчоуп ҳәа агәра ганы рхы шгәарымҭо. Уи гхоуп. Уи ауп еиҳаракгьы ацентр ахь ауаа рыдҵаалара змаҷу.

Аԥсихолог лажәақәа рыла иахьа иалырхыз аҭыԥ машәырны иалрымхит. Уиала урҭ ирҭахын ари апроблема атәыла амчрақәа азхьадырԥшырц. Аԥсны есышықәса ВИЧ змоу ауаа шырацәахо, иара убри аан аҳәынҭқарра апроблема аӡбра иазыҟаҵам лҳәеит лара.

ВИЧ змоу  апациентцәа ирхылаԥшуеит ацентр "СПИД". Иара аус ауеит 2001 шықәса раахыс. Уиаахыс ашәҟәы иҭагалоуп 1300-ҩык Аԥсны атәылауаа.  Ацентр аҳақьым Натела Топуриа иазгәалҭеит ари ахыԥхьаӡара аҭагылазаашьа иашаҵәҟьа аныԥшуам, изанзар ирацәаҩуп ачымазара шрымоу ззымдыруа, ацентр ахь имнеиуа ҳәа.

"Ацентр аҟны  2008 шықәса раахыс 411-ҩык аҽыхәышәтәра иахысхьеит. Иҟоуп аҵыхәтәанӡа ҳара ҳахь имнеиуа", — лҳәеит лара.
Апациентцәа рыбжьара иҟоуп быжьҩык ахәыҷқәа.

Топуриа   илҳәеит  ВИЧ змоу апациентцәа рзы адунеи зегь аҟны ахәшәқәа хәыда-ԥсадоуп. Атерапиа асхема аҳақьым иалихуеит, анализқәа дырхыԥшыланы. Зегь раасҭа ихадоу ахәышәтәра аиԥымҟьароуп.
Ахәышәқәа рыла Аԥснытәи ачымазцәа еиқәнаршәоит иеиҳабыратәым аиҿкаара "Глобальный фонд". Аиқәшаҳаҭра  2017 шықәса рзы ихыркәшахоит.

Аҳақьым ашәара лымоуп  аиҿкаара апрект аусура ааннакылар ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0