"Иаркыз ацәашьы" захьӡыз апоезиатә хәылԥазы мҩаԥысит Гагра

© Sputnik Саида Жьиԥха"Иаркыз ацәашьы" захьӡыз апоезиатә хәылԥазы
Иаркыз ацәашьы захьӡыз апоезиатә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иаркыз ацәашьы" захьӡыз апоезиатә хәылԥазы мҩаԥысит Аԥснытәи аҿарацәа рзы Гагра.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" аԥшьгарала, араион Ахадареи аҿар рыҟәшеи иаадырԥыз авагылареи ацхыраареи ирыбзоураны, еицырдыруа ақьафурҭа "Гагрыԥшь" аҟны имҩаԥысит "Иаркыз ацәашь" захьӡыз, апоетцәа ҿарацәа рзы ахәылԥаз.

Араҟа, зхәыҷы аахыс ажәеинраалақәа зыҩуаз, аха ауаажәлар рҟны ицәырзымгацыз, ирыман алшара, рҟазара аарԥшра.

"Аԥсны аҟазареи абаҩхатәреи злоу аҿар даараӡа ирацәоуп. Убри аҟнытә, Гагра араион аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" алахәцәа иаҳԥхьаӡеит, абас еиԥш иҟоу апоезиатә хәылԥазы еиҿаҳкаарц. Ари аусмҩаԥгатә еиднакылеит, ҳтәыла араионқәа рҟнытә, акалам иазҟазоу, аха зажәеинраалақәа цәырзымгац аҿар. Иахьа, дара абраҟа ирымоуп алшара, рхы аарԥшра", — иҳәеит Гагра араион аҿар Рхеилак ахантәаҩы Ҭимыр Ҭаниа.

Ари аԥшьгамҭа иадгылаз Гагра араион Ахадара ракәзар, аҿар агәра ддыргоит, ҩаԥхьагьы рыцхыраара иақәгәыӷларц шрылшо.

"Аиашазы, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи, Гагра иамбаӡацызт, абас еиԥш, аҟазара злоу аҿар еидызкыло ахәылԥаз. Ажәа бзиа акраҵанакуеит. Ҩаԥхьа, шәкалам иҵҵлааит, ауаҩы игәы зырԥхо, ацәаҳәақәа", — ҳәа инаҵишьит Гагра ариаон Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Ақьафурҭа "Гагрыԥшь" иаҭааз асасцәа зегьы, гәахәарадула ирыдыркылеит, абас еиԥш аҭаацәаратә ԥхарра зцыз ахәылԥаз.

Аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаареи" Гагра араион Ахадара аҿар рыҟәшеи рхаҭарнакцәа, аҟазареи абаҩхатәреи злоу ахьыбҿар рымҩа аартраҿы ирылшо зегь ҟарҵалоит.

"Ҳара, иахьа апоезиа знапы алаку аҿар рхы ӡырыргаратәы алшара раҳҭеит, ҩаԥхьа, хымԥада ҳус иацаҳҵоит. Ҳаԥхьаҟа иаҳгәиҭоуп, егьырҭ ахырхарҭақәа, аспорт, акультура уҳәа ирызҟазоу рзгьы, абас еиԥш аҩаӡара змоу аусмҩаԥгатәқәа рзеиҿкаара» — иҳәеит, Гагра ариаон Ахадара аҿар рыҟәша аиҳабы Алан Макоев.

Аԥсны араионқәа рҟнытә еиқәшәаз апоезиа абзиабаҩцәа еибадырит, аԥышәа еимырдеит.

Раԥхьаӡакәны рҩымҭақәа азыӡырыҩцәа иахьырзаԥхьоз ргәы хыҭ-хыҭуан, аха уеизгьы, доусы рхатәы жәенираалақәа ирыԥхьеит угәаҵанӡа инеиртә еиԥш ацәаныррақәа аҵаҵан.

Аҿар зыԥхьоз ажәеинраалақәа ирныԥшуан еиуеиԥшым атемақәа, раԥхьа иргыланы аԥсадгьыл абзиабара, ахатәы бызшәа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа, абзиабара, аиҩызара.

"Сара ажәеинраалақәа рыҩра салагеит 10 шықәса анысхыҵуаз инаркны. Аиашазы, ақьаад ианҵаны исыман ауп акәымзар, аӡәгьы иҿы ицәырсымгацызт. Иахьа, Гагра араион аҿар Рхеиалк иҳарҭаз алшара иабзоураны, ҳусумҭақәа цәыраҳгеит, ауаажәлар идҳарҳаит. Ас еиԥш иҟоу ахәылԥаз раԥхьаӡакәны салахәуп, сҩызцәеи сареи агәра ҳгоит, ҩаԥхьагьы ҳхы ӡыраҳгаратәы иҟалап ҳәа", — азгәалҭеит апоезиатә хәылԥазы иалахәыз Амрита Жьиба.

Ахәылԥаз иалагӡаны, иара убас инагӡан, ахатәы музыкатә композициақәа.

Еиҿкаан Гагратәи аҟазаратә школ асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа"Иаркыз ацәашьы" захьӡыз апоезиатә хәылԥазы
Иаркыз ацәашьы захьӡыз апоезиатә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
"Иаркыз ацәашьы" захьӡыз апоезиатә хәылԥазы

 

Ажәабжьқәа зегьы
0