Гьаргь Ҭаркьыл иԥсҭазаара далҵит

© flickr.comАцәашьы
Ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет фильм "Время счастливых находок" аҟны ароль хада назыгӡоз Гьаргь Ҭаркьыл иԥсҭазаара далҵит 58 шықәса дшырҭагылаз. Гьаргь аус ицызуаз иҩызцәа ҳкорреспондент Амра Амҷԥҳа рҩыза иӡбахә илзалацәажәеит.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

1969 шықәса рзы Аҟәатәи аҷкәын Гьаргь Ҭаркьыл дыхәмарит 12 шықәса ирҭагылаз Сандрик (Чик) ироль ахәмарра. Афильм ҭыхын Искандер иажәабжьқәа рмотивқәа рыла.
Ирацәаҩуп Аԥсны дызгәалашәо Жорик.

"Ашәаџь ҳзааит. Иԥсҭазаара далҵит ҳхәыҷра иаҩызаз Чик" ҳәа иҩит Facebook аҟны идаҟьаҿы Аԥсны Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

Арежиссер Генриха Габаиа ифильм аҭыхраан иара иалахәын аҭыԥантәи актиорцәагьы. Урҭ рыгәҭа дыҟан Софа Агәмааԥҳа. Афильм аҟны илыцыхәмаруаз Гьаргь Ҭаркьыл иԥсҭазаара дшалҵыз ҳа ҳҟынтәи илаҳаит.

"Жорик сара дысгәалашәоит 10-шықәса зхыҵуаз ҷкәынан. Уижьҭеи дсымбацызт. Саргьы абри афильм аҟны раԥхьаӡа акәны ароль ду сыхәмаруан. Генрих Габаи оумашәа иссирыз аҭагылазаашьа ҳзаԥиҵон ахәмарразы", — лҳәоит Софа Агәмааԥҳа.

Лара Жорик дылгәалалыршәоит гәыблыла

Жорик ԥшралагьы Искандер акала диеԥшын. Иара илшеит ифырхаҵа иқьиара, ицыхцыхра, иҟәышра аарԥшра, ҳәа еиҭалҳәоит актриса.

Индира Басариаԥҳа амассовкаҿ лыҽҭылхуан. Усҟан аԥшьбатәи акласс аҟны аҵара лҵон. Иахьа уажәраанӡагьы лгәалашәараҿы иаанхеит насыԥк еиԥшны урҭ аамҭақәа.

"Жорик зегь бзиа дырбон", — лҳәоит лара.

Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны
Гьаргь Ҭаркьыл афильм Время счастливых находок аҟны - Sputnik Аҧсны
1/2
Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны
Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны
Гьаргь Ҭаркьыл афильм Время счастливых находок аҟны - Sputnik Аҧсны
2/2
Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны
1/2
Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны
2/2
Гьаргь Ҭаркьыл афильм "Время счастливых находок" аҟны

Зарема Агрԥҳа, Гьаргь Ҭаркьыл иуа, амассовка далахәын, афырхаҵа класск аҿы ицтәаз лроль дыхәмаруан.

"Георги аԥсҭазаараҿгьы Сандрик акыр диеԥшын. Рацәак аҽырхәмаррагьы аҭахымызт ароль аарԥшразы", — лҳәоит Зарема.

Афильм аҟны ароль анагӡара иаразнак ианашьахеит Жорик. Акастинг иаразнакы дахысит. Абри афильм ашьҭахь Гьаргь изныкымкәа Москваҟа днарыԥхьахьан аҽҭыхразы, аха иҭаацәа ируамызт. Настәи иԥсҭазаара зегьы аспорт иадҳәалан.

Ашьапылампылтә клуб "Динамо Сухум" далахәылан.

Афильм аепизодқәа руак аҟны дыхәмаруан Фазиль Искандергьы.

Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 31, 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0