Ҳаџьымба идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргоит

Ҳаџьымба идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргоит
Ҳаџьымба идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа иазырыԥхьаӡоит атәыла Ахада ԥхьатәара дцароуп ҳәа аоппозициа иҟарҵо адҵа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь аҟны амитинг мҩаԥызго атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа иазырыԥхьаӡоит атәыла Ахада ԥхьатәара дцароуп ҳәа аоппозициа иҟарҵо адҵа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа. Абри атәы ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Атәыла Ахада Иусбарҭахь инагоуп амчратә структурақәа. Урҭ Аусбарҭа аҿаԥхьа рҽамҿхакны игылоуп. Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. Иара ирылеиҳәеит Апарламент аҟны ишрыдыркылаз аполитикатә мчрақәа зегьы Аԥсны Аконституциа иқәныҟәароуп ҳәа зҳәо ашәҟәы.

Иара иажәақәа рыла имаҷымкәа апартиақәа рхаҭарнакцәа адокумент рнапы аҵарыҩхьеит. Апарламент адепутатцәа уаанӡа аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь аҳәара ҟарҵеит ажәлар реизара мҩаԥырымгарц, аха уи лҵшәадахеит. Иара убри аамҭаз аоппозициаа ирҳәеит ажәлар реизара азакәан аҳәаақәа ирҭыҵуам ҳәа.

Ахада Иусбарҭа аиҳабы Даур Аршба иҳәеит иҟоу адыррақәа рыла аоппозициа ахада уи ашәҟәы инапы аҵаиҩхьеит ҳәа.

Аҟәа, Адраматә театр аҿаԥхьа асааҭ ҩба рзы имҩаԥысраны иҟоуп ажәлар реизара. Уаҟа дҵаны иқәыргылахоит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵароуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0