Ҳаџьымба: ҳара ҳажәлари ҳадгьыли еиқәҳархароуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа еизеит Аҟәа.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа еизеит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа еизеит Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәынҭқарра еиқәырхарцаз ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Дара (аоппозициа) ишырҳәо ала сара саԥыхра ҟалоит, аха сара сҭыԥ ахь аҽаӡәы днеиуеит. Аҳәынҭқарра ҳаргыларц ҳҭахызар, аамҭагьы ҳҭахуп", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атәыла анапхгара хра аманы атәыла аекономика аҿиара амҩа ишанырҵо.

"Ҩышықәсеи бжаки рыла абиуџьет шьҭаҳхит ҩ-миллиардк инаркны хә-миллиардк рҟынӡа. Аригьы акы аҳәоит, акы аанагоит", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргоит

Ахада Иусбарҭахь инеиит амчратә структурақәа. Урҭ ауаажәларратә зин аиҿкаара мҩаԥыргоит. администрации президента подтянуты сотрудники Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. Иара ирылеиҳәеит Апарламент аҟны ишрыдыркылаз аполитикатә мчрақәа зегьы Аԥсны Аконституциа иқәныҟәароуп ҳәа зҳәо ашәҟәы.

Иара иажәақәа рыла имаҷымкәа апартиақәа рхаҭарнакцәа адокумент рнапы аҵарыҩхьеит. Апарламент адепутатцәа уаанӡа аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь аҳәара ҟарҵеит ажәлар реизара мҩаԥырымгарц, аха уи лҵшәадахеит. Иара убри аамҭаз аоппозициаа ирҳәеит ажәлар реизара азакәан аҳәаақәа ирҭыҵуам ҳәа.

Ахада Иусбарҭа аиҳабы Даур Аршба иҳәеит иҟоу адыррақәа рыла аоппозициа ахада уи ашәҟәы инапы аҵаиҩхьеит ҳәа. Аҟәа, Адраматә театр аҿаԥхьа асааҭ ҩба рзы имҩаԥысраны иҟоуп ажәлар реизара. Уаҟа дҵаны иқәыргылахоит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵароуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0