Амшын аԥшаҳәаҟны амцақәа еиқәырҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукАмшын аԥшаҳәаҟны амцақәа еиқәырҵоит
Амшын аԥшаҳәаҟны амцақәа еиқәырҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, ԥхынҷкәын 15 рзы излагаз аиҿагылара ф-сааҭк инарзынаԥшуа ацара иаҿуп. Аҟәа, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еизеит атәыла Ахада инапынҵақәа шьҭеиҵароуп ҳәа зҳәо аоппозициаа рыдгылаҩцәа. Ҳаџьымба иганахь иқәгыло еизеит Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ианеилашәшә ахьҭа ҟалеит, еизаз амшын аԥшаҳәаҟны амца еиқәырҵар акәхеит. Аизара алахәылацәа ачаи ршы рыдыргалоит. Активистцәа афатә-ажәтә: ача, аҭубар, арҵәы уҳәа наргоит. Абри атәы ааицҳауеит ҳкорреспондент.

Атәыла Ахада иахь инеиз аоппозициа ахаҭарнакцәа Михаил Логәуеи Саид Ҭаркьыли Рауль Ҳаџьымбеи раԥхьатәи реицәажәара лҵшәадахеит.

Аҟәа, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еизеит атәыла Ахада инапынҵақәа шьҭеиҵароуп ҳәа зҳәо аоппозициаа рыдгылаҩцәа.

Ҳаџьымба иганахь иқәгыло еизеит Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0