Хьыбла Амчԥҳа: Германиа инхо аԥсуаа ашәарҭара иҭагылам

© REUTERS / /Fabrizio BenschГрузовик врезался в толпу на рождественском базаре в Берлине
Грузовик врезался в толпу на рождественском базаре в Берлине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Берлин ақалақь ауахәама Каизер Вильгельм азааигәара аидарамҩангагатә машьына Қьырсатәи аџьармыкьа иаҭааз ауаа ирылалеит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынҷкәын 19 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ашәахьа ахәылбыҽха ԥхынҷкәын 19 аҽны Берлин иҟалаз атеракт аҟны Германиа инхо ҳџьынџьуаа аӡәгьы ааха имоуӡеит, ашәарҭара иҭагылам, абри атәы лҳәеит Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьибла Амҷԥҳа.

"Иҳамоу аинформациала Германиа инхо аԥсуаа аӡәгьы ааха имоуӡеит Берлин ақалақь ауахәама Каизер Вильгельм азааигәара аидарамҩангагатә машьына Қьырсатәи аџьармыкьа иаҭааз ауаа ианрылала. Иацы ахәылбаҽха инаркны ҭелла, аинтернет ала аԥсуаа зегьы сыҽрымаздеит, дара ирҳәеит атеракт аамҭазы ашәарҭадараҿы ишыҟаз", — ҳәа лҳәеит Хьыбла Амҷԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, ҳџьынџьуаа нхоит Европа ақалакьқәа жәпакы рыҟны, еиҳарак рхыԥхьаӡара рацәоуп Германиа.

"Ишыжәдыруа еиԥш ҳџьынџьуаа нхоит Европа, еиҳарак рхыԥхьаӡара рацәоуп Германиа. Иҳамоу асиақәа рыла 10 нызқьҩык иреиҳауп. Ииашаны асиақәа ҟаҵазар еиҳагьы ирацәоуп, ҳәа сгәы иаанагоит. Уи азгьы аусура ҳаҿуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак иҟалаз атеракт акгьы зхарам ауааԥсыра ҭанархеит лхәеит, уи рыцҳара дууп зегьы рзы.

Берлин иҟалаз атеракт аҟны иҭахеит 12-ҩык, ааха роуит 50-ҩык инреиҳаны ауааԥсыра. 

Ажәабжьқәа зегьы
0