Амчреи аоппозициеи аизааибагара амҩа иашьҭоуп

© Sputnik Томас ТхайцукԤхынҷкәын азы Аԥсны имҩаԥысит ауаажәларра рацәа злахәыз аилаҩ-еиласрақәа
Ԥхынҷкәын азы Аԥсны имҩаԥысит ауаажәларра рацәа злахәыз аилаҩ-еиласрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын азы Аԥсны имҩаԥысит ауаажәларра рацәа злахәыз аилаҩ-еиласрақәа. Урҭ ирылҵшәахеит ԥхынҷкәын 19 рзы амчреи аоппозициеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра. Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Бадраҟ Аҩӡба иматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны Апарламент аҟны ԥхынҷкәын 19 рзы имҩаԥысит атәыла анапхгаратә мчрақәеи аоппозициеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Апарламент аиҳабы Валери Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аполитикатә проблемақәа зегьы Аконституциа амҩала рҭыԥ иқәҵахоит ҳәа.

Аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ аҭышәныртәалара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсны Ахада, Аоппозициатә мчқәа рблок иҟанаҵо ажәалагалала Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ деиҭоит. Иара убасгьы Аблок ахаҭарнакцәа атәыла Ахада идыргалараны иҟоуп Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ҩыџьа ркандидатурақәа, Апарламент аҟны дшьақәдырӷәӷәоит Аԥсны Апрокурор хада ҿыц.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны ауаажәларра асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ирышьцыло иалагеит. Атәыла анапхгара зҽазызшәо политикцәақәак ауаажәлар зҭагыло аамҭа уадаҩ рхы иархәаны, урҭ рпроблемақәа зегьы рҭыԥ ақәҵара рылшоушәа ԥаршеила ицәажәоит.

Уи нагӡаны ихазҵо шырацәамгьы, аизарақәа рахь ауаа неиуеит.

Аоппозициаа реизара, ажәлар реизара ҳәа хьӡыс изырҭаз, азыԥхьагәаҭеижьҭеи акрааҵуан, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иахыга-ахыго иааргон.

Ԥхынгәы 10 рзы имҩаԥган ареферендум, Аԥсны Ахада заа инапынҵақәа рышьҭаҵара дҵаны иҟазҵоз, аха иара зхы алазырхәыз ауаа рхыԥхьаӡара амаҷра иахҟьаны имҩаԥгоуп ҳәа азуҳәо иҟамлеит.

Атәыла иахьатәи анапхгара ҽыԥныҳәа хаданы ирырҭо – урҭ алхрақәа раан ауаа ирарҳәаз нармыгӡеит ҳәоуп.

2004 шықәсеи 2014 шықәсеи раан аҭыԥ змаз ахҭысқәа еиҭах рымҩаԥгара аԥырҟәҟәаазарц ауаажәларратәи аполитикатәи еиҿкаарақәа ирылшоз зегь шыҟарҵозгьы, амчреи аоппозициааи акахьы изкылеибамгеит. Аизара аҿҳәарагьы ааигәахеит.

Апарламент адепутатцәа ракәзар уахи-ҽни абри аус аҭышәныртәалара рҽазыршәон. Аизара аламҭалаз урҭ ирылшеит маҷк акәзаргьы ауаа рырҭынчра, аха аизараҵәҟьа амҩаԥысра рзаанымкылеит.

Ус шакәызгьы амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа рыбжьаҟазарала, реицәажәара алҵшәақәак аанарԥшит.

Ԥхынҷкәын 14 ауха "ҳара, аполитикатә партиақәа азин анормақәа ишрықәныҟәо азы азеиԥш ҳәамҭа ҟарҵартә еиԥш алҳаршеит", — иҳәеит Апарламент аиҳабы Валери Бганба.

Аизара амҩаԥгара мап шацәырымкызгьы аганқәа рыҩбагьы ахыдҵақәа ргеит рыдгылаҩцәа шааныркыло азы, азакәан ҵаҵӷәы змам акгьы шыҟарымҵо азы.

Ԥхынҷкәын 15 даара ахьҭа аҿан. Аҳауа хьшәашәа 0˚С аҟынӡа илаҟәын. Еизаз ауаа амшын аҟәараҟны амцақәа еиқәҵаны рыҽдырԥхон, ачаи ршы ала ахьҭа рылырцон. Аизара, аиҿцәажәарақәа 14 сааҭ рҟынӡа ицон. Еиҿагылаз амчрақәагьы маҷ-маҷ еилыркаауан зҭыԥ ақәҵара амуа проблема шыҟам, аинаалара амҩа адагьы аҽа мҩак шыҟам.

Ус, аҵх агәахьы инеихьаны, аоппозициаа рыдгылаҩцәа атәыла Ахада Иусбарҭа рҽадырхало иалагеит. Еиҿагылан ҩ-мчык. Аха, Анцәа иџьшьаны узыцәшәаша егь ҟамлеит. Аамҭақәак рышьҭахь дасу рҭыԥқәа рахь ихынҳәит.

Аиҿцәажәарақәа ракәзар иаадырԥшит аԥсадгьыл бзиа избо, жәларык еицатәу ауаа мҩак ақәлара рылшартә ишыҟоу.

Ажәлар реизара акәзар, ахаангьы иззырхаз аԥсуа жәлар рыҟазаареи рыҟамзаареи азҵаара аҭыԥ ақәҵара акәын, ахԥатәи амчрақәа еидгыларыла риааира акәын. Убри инадҳәаланы иуҳәар алшоит уажәтәи аизарақәа, егьа ауаа рацәа рылахәызаргьы, ажәлар иреизароуп ҳәа иузшьом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0