Ашықәс ҿыци атуристцәа рмаҷреи

© Sputnik / Томас ТхайцукАшықәс ҿыци атуристцәа рмаҷреи
Ашықәс ҿыци атуристцәа рмаҷреи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц азы Аԥсныҟа апутевкақәа атуроператорцәа рыҭира иалагеит быжьшықәса раԥхьа, аха сынтәеиԥш атуристцәа арҭ аамҭақәа рзы имаҷымхацызт.

Афинанстә кризис, Ҭырқәтәылатәи аԥсшьарҭақәа рахь амҩа аартра уҳәа роуп сынтәа Аԥсныҟа атуристцәа маҷны раара зыдҳәалоу ҳәа иазырыԥхьаӡоит атуроператорцәа.

Sputnik, Владимир Бегунов.

"Ҳтурқәа зегь рҟынтәи Аԥсны 95% процент ааннакылоит, — лҳәеит афирма "7-тур" адиректор Елена Добровольскаиа. — Сынтәа уаанӡа еиԥшымкәа Аԥсныҟа атуристцәа маҷуп. Ари зеиԥш ҭагылазаашьоуп – акризис зегьы ирԥырхагоуп".

Аԥснытәи аԥсшьара еиҳа ахәԥсала ишмаҷугьы аҭагылазаашьа азҭышәынмартәалеит.

"Аԥсны Ҭырқәтәыла аасҭа ахәԥсала имариоуп. Иҟоуп уахыки-ҽнаки 500 мааҭ иахьаԥсоу асасааирҭақәа. Уажәазы уахь аномерқәа иаҳҭихьоу 80% инаӡоит, аха уаанӡатәи ашықәсқәа ирыдкылан уахәаԥшуазар уи аҭагылазаашьа азырманшәалом", — лҳәеит Добровольскаиа.

Афирма "7-тур" адиректор лажәақәа рыла Аԥсныҟа аара мариахеит авиареисқәа ахьеиҳартәыз азы.

"Иахьазы Адлертәи аеропорт иаҭаауеит мышкала ҩеижәа рҟынӡа реис. Ԥхынҷкәын 31 аухагьы абилеҭ аахәан уаар ҟалоит", — лҳәеит лара.

Апутиовкақәа рыҭира аамҭақәа иреиӷьны иԥхьаӡоуп 2015-2016 шықәсқәа.

"Сынтәа апутиовкақәа иаҳҭииз ҩынтә рыла еиҵоуп", — лҳәеит атуроператор "Дельфин" амениџьер Анастасиа Апатикова.

"Ирацәаҩуп ашықәс ҿыц азы Москваҟа ицо, мамзаргьы ашьхаратә курортқәа рахь ицо", — лҳәоит Анастасиа Апатикова.

Аԥхынтәи атурқәа Аԥсназы иҭышәынтәалоуп, макьаназы ауадаҩрақәа зцу аӡынтәи атурқәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0