Ашықәсҿыц азтәи аҳамҭақәа Донецки Лугански ареспубликақәа рахь идәықәҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАшықәсҿыц азтәи аҳамҭақәа Донецки Лугански ареспубликақәа рахь идәықәҵоуп
Ашықәсҿыц азтәи аҳамҭақәа Донецки Лугански ареспубликақәа рахь идәықәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рнапхгара Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахаҭарнакра ааԥхьара рырҭеит ԥхынҷкәын 26 - 27 рзы арҭ ареспубликақәа аҩба Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррақәа Рымш азгәаҭара аныҳәахь. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҳамҭақәа рыманы, Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра автомашьынақәа фба рколлонна амҩа иқәлеит амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рахь ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

"Уажәазы ҳмашьынақәа аҳәааҟны игылоуп. Аколлона шьақәгылоуп автомашьынақәа фба рыла. 15 тонна рҟынӡа аидара ҳгоит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рнапхгара Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахаҭарнакра ааԥхьара рырҭеит ԥхынҷкәын 26 — 27 рзы арҭ ареспубликақәа аҩба Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррақәа Рымш азгәаҭара аныҳәахь.

Аныҳәа аҽаланархәуеит акәашаратә шоу-гәыԥ "Кавказ".

Ажәабжьқәа зегьы
0