Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла рколлегацәа ирыдашшылеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ажурналистцәа Реидгыла рколлегацәа ирыдашшылеит
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла рколлегацәа ирыдашшылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26— Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла иҟалаз арыцҳара инадҳәаланы адашшыларатә шәҟәы рзырышьҭит рколлегацәа.

"Гәалсра дула иҳадаҳкылеит аԥсыҭбарақәа зцыз арыцҳара ду азы адырра. Иҭахаз рыгәҭа иҟан ажурналистцәагьы". ҳәа аҳәоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵеиҩыз ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәаҟны иазгәаҭоуп аԥсуа журналистцәа иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәырҩа шрыцеиҩыршо.

Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" адырра ҟарҵеит аҳаирплан ишҭаз ажурналистцәа: Д.А. Рунков, В.В. Денисов, А.А. Соидов, М.В. Лужецки, П.К. Обухов, О.М. Пестов, В.В. Ржевски, А.А. Суранов, Е.В. Толстов.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра.

Аҳаирплан акаҳара зыхҟьаз аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа напхгара аиҭоит Соколов.

Ажәабжьқәа зегьы
0