Аҵаа Бабаду ҳамҭала деикәаҭәы ахәыҷқәа дырҭаауеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАҵаа Бабаду ҳамҭала деикәаҭәы ахәыҷқәа дырҭаауеит
Аҵаа Бабаду ҳамҭала деикәаҭәы ахәыҷқәа дырҭаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" имҩаԥнаго ашықәс ҿыцазтәи акциа "Ассир ҳамҭас" аҽаланархәит.

Sputnik Аԥсны аусуҩцәа аамҭак азы Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи ракәны иаақәгылеит. Урҭ акциа "Ассир ҳамҭас" рҽалархәны зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршон.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Sputnik Аԥсны агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" имҩаԥнаго ашықәс ҿыцазтәи акциа "Ассир ҳамҭас" аҽаланархәит. Есышықәса имҩаԥысуа ари акциа иалахәуп еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, аусҳәарҭақәа, Аԥсны ауааԥсыра.

Sputnik аусзуҩцәа сасны ирҭааит Бабышьреи Баӷмарани ақыҭақәа рҟны инхо аҭаацәарақәа. Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи ахәыҷқәа ирызнаргеит акраамҭа иззыԥшыз аҳамҭақәа. Урҭ ирҭахыз аҳамҭақәа рыӡбахә дара уаанӡа Аҵаа Бабаду изаарышьҭуаз ашәҟәқәа рҟны иадырбон.

"Аԥхьа ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду асалам шәҟәқәа ҳзаарышьҭхьан. Иааидкыланы ҳара иҳауит 550 салам шәҟәы рҟынӡа. Ҳара, нас урҭ ргәаҳәарақәа рынагӡаразы иззыҳәоз аҳамҭақәа раахәара еиҿаҳкааит", — лҳәеит афонд "Кьараз" аофис-мениџьер Саломеиа Кемулариа.

Афонд аусзуҩцәа ишырҳәо ала асалам шәҟәы зҩыз дарбанызаалак ахәыҷы ҳамҭада днымхеит.

"Имаҷымкәа аиҿкаарақәа ҳадгылеит. Уахь иаҵанакуеит "Аквафон", Sputnik Аԥсны, абанкқәа, атәыла Ахада Иусбарҭа, Ақалақьтә еизара, АГТРК, ахәаахәҭра ҩны "Престиж" уҳәа ирацәаны", — лҳәеит афонд "Кьараз" анапхгаҩы Камма Гоԥиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аҳамҭақәа аархәон атәыла ауааԥсырагьы.

Ахәыҷқәа реиҳарак рҳамҭақәа роуит аурыси аԥсуеи драматә театрқәа рҟны еиҿкааз агәыҳалалратә спектакльқәа рахь иахьнеиз. Уахь изымнеиз рыҩныҟақәа рахь ирызнеиит афонд «Кьарази» аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсни рҟынтәи Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи.

Дара маҭәала еиҿнакааит РУСДРАМ.

Ажәабжьқәа зегьы
0