Алиса лыхцәԥарақәа: ақәагьы асгьы зԥырхагам аԥшӡара

© SputnikАшықәс ҿыц азтәи ахцәԥарақәа
Ашықәс ҿыц азтәи ахцәԥарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц азы Аԥсны аҳәсақәа рхахьы иргоит аныҳәа иадҳәало акәама-ҵамақәа зегьы. Иара убри аамҭаз урҭ ирхадыршҭуам ҿык-бзык иамҳәо дара рхаҭақәагьы ԥшӡаӡа иҟазар шакәу.

Ирацәаҩуп заанаҵы ахцәыҟаҵарҭақәа, аҽырԥшӡарҭақәа рахь зҽанызҵо. Иҟоуп урҭ аҩныҟа иаазыԥхьогьы. Аха аныҳәамшха зхы аха змоуз иҟарҵари? Иааинырсланы ажурнал асахьа уааныҵызшәа аҽыҟаҵарагьы уадаҩрак аламзаап. Уи ус шакәу далацәажәоит Sputnik акорреспондент Амра Амҷԥҳа.

Алиса Жьиԥҳа-Агәхаа –"Sputnik Аԥсны"асаит аԥсуа версиа аредактор. Уи адагьы ахцәԥара иазҟазоу. Алиса илԥаз ахцәы ақәагьы аԥырхагам, асгьы аԥырхагам. Ашықәс ҿыц ауха аԥсаӡ хадахьгьы унеир алшоит. Аханатә лнапы ушааҵыҵыз еиԥш уԥшӡаӡа уаанхоит.

"Ишәҭахума хә-минуҭк иналагӡаны ахцәыҟаҵара? Ахцәԥара зегь раасҭа имариоу акоуп. Ашықәс ҿыц аныҳәагьы ианаалоит. Иԥшӡоуп. Иласуп", — лҳәоит Алиса.

Алиса илымпыҵыҵуа ахцәԥара зегьы иргәаԥхоит.

"Иахьатәи аамҭазы ахцәԥара еиуеиԥшым авариантқәа амоуп. Ишуҭаху исахьауркуеит", — лҳәоит лара.

Алиса лгәаанагарала ахцәыҟаҵашьақәа шырацәоугьы ахцәԥара амода ацәыӡуам.

© SputnikНовогодняя прическа
Новогодняя прическа - Sputnik Аҧсны
Новогодняя прическа

Диана хәыҷы лыхцәқәа еилаԥо Алиса еиҭалҳәоит: "Саҳәшьцәа рыхцәқәа аун. Аԥсуаа ҳҟны еснагь ахцәы ахьӡ аман. "Лыхцәы кьларуа" рҳәон. Сара исҭахын саҳәшьцәа еснагь иԥшӡаӡа иҟазаарц. Рыхцәԥарақәа еиуеиԥшым аформақәа рысҭон", — лҳәоит Алиса.

Диана лзы акәзар, Алиса ахцәԥара ахәыҷы лхы иаакәыршаны ишьақәлыртәеит. Апринцесса лкаронагьы налхалыргылеит. Адуцәа рзы аҽакала ишьақәлыртәоит ахцәԥарақәа.

"Ахцәы анкьаҿу еиҳа иуадаҩуп. Иандуу — ишуҭаху, уфантазиа иахьынӡаҵанакуа аиԥшымзаарақәа алоугалоит", — лҳәоит Алиса.

© SputnikНовогодняя прическа
Новогодняя прическа - Sputnik Аҧсны
Новогодняя прическа

Ахцәԥара адагьы иааинырсланы иҟауҵашақәа ыҟоуп лҳәоит ҳҟаза.

Ажәабжьқәа зегьы
0