Ажиури ахантәаҩы: Искандер ихьӡ зху апрема аинтерес ду аҵоуп

© Фото : pixabay.comАшәҟәы
Ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит иналукааша ашәҟәыҩҩцәа рцентр "Русский ПЕН-центр".

АҞӘА, ажьырныҳәа 2 — Sputnik, Бадри Есиава. Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит иналукааша ашәҟәыҩҩцәа рцентр "Русский ПЕН-центр". Аиндаҭлара аҽалархәразы уахь инарышьҭхьеит имаҷымкәа арҿиамҭақәа. Урҭ ирылоуп Аԥснынтәи анашьҭымҭагьы ҳәа еиҭеиҳәоит Фазиль Искандер ипремиа аиуразы аиндаҭлара ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

"Анапылаҩырақәа ҳзаарҭиуеит. Жәаба инареиҳаны иаҳзынарышьҭхьеит. Иҟоуп апоезиа, апроза, адраматургиа. Автор ихьӡ аҳәара макьаназ азин сымам аха иазгәасҭоит Аԥснынтәигьы анапылаҩымҭа шҳазнеихьоу. Апремиаз аиндаҭлара даара аинтерес ду аҵаны иҟоуп", — иҳәеит Попов.

Аусумҭақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын акы инаркны. Хәажәкыра фба рзы ихыркәшахоит.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0