Россотрудничество Аԥснытәи арҵаҩцәа ирыцхраауеит

CC0 / / Россотрудничество Аԥснытәи арҵаҩцәа ирыцхраауеит
Россотрудничество Аԥснытәи арҵаҩцәа ирыцхраауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс бызшәа Аԥснытәи арҵаҩцәа рҵара-дырра аизырҳара рыднагалоит Россотрудничество. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество аконсультант Дмитри Кононов.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аурыс бызшәа Аԥснытәи арҵаҩцәа рҵара-дырра аизырҳара рыднагалоит Россотрудничество. Абри атәы Sputnik аинтервиу аҭо иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество аконсультант Дмитри Кононов.

"Ирҵаҩцәа ирыдаагалоит аинновациатә знеишьақәеи аинтернеттә ҳақәа рҟны аинформациатә сервисқәеи. Аурыс бызшәа арҵаҩцәа русура адгылара, ацхраара иазырхоуп арҭ аресурсқәа, аха урҭ рхы иадырхәар ауеит егьырҭ арҵаҩцәагьы", — иҳәеит Кононов.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аконсультант иҳәеит 2016 шықәса рзы ишцәыргаз имаҷымкәа аҿыцрақәа.

"Ҷыдала иаартын аелектронтә библиотека, имҩаԥган асеминарқәа, аметодикатә цхыраарақәа", — иҳәеит Дмитри Кононов.

Иара иналкааны дахцәажәеит аелектронтә библиотека. Уи иахьазы ҳаамҭа иақәшәо ишьақәыргылоуп.

"Абиблиотекаҿ еизгоуп зқьи хәышә инареиҳаны шәҟәы – арҵагақәа, асахьаркыратә литература, апоезиа уҳәа иарбанызаалак арҵаҩы иусуразы ииҭаххаша", ҳәа азгәеиҭеит Кононов.

Аусурақәа ирыцҵахоит 2017 шықәса азгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0