"Аџьипперцәа" ашықәс ҿыц аныҳәа Аԥсны иаԥылоит

© Sputnik Томас Тхайцук"Аџьипперцәа" ашықәс ҿыц аныҳәа Аԥсны иаԥылоит
Аџьипперцәа ашықәс ҿыц аныҳәа Аԥсны иаԥылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсныи рџьипперцәа ашықәс ҿыц аныҳәа Аԥсны имҩаԥыргоит еиндаҭрыла ажьырныҳәа 3 - 5 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ашықәс ҿыц азтәи аџьиппертә ныҳәа ажәабатәи ауп. Иара мҩаԥыргоит Каман ақыҭан ҳәа Sputnik иазааицҳаит автоклуб "Внедорожная Абхазии" ахантәаҩы Сергеи Никитченко.

"Уажәы алахәылацәа иазгәарҭоит аџьиппертә шықәс ҿыц. Ҳара ҳааины ҳаҟоуп Аҟәа араион Каман ақыҭан. Ахәыҷқәеи адуқәеи рзы аиндаҭларақәа еиҿкаауп. Иахьа арахь иааиит 15 екипаж", — иҳәоит Сергеи Никитченко.

Никитченко иажәақәа рыла ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит еиуеиԥшым аиндаҭларақәеи аныҟәарақәеи алархәны ажьырныҳәа 3 инаркны 5 рҟынӡа.

"Уаҵәы, ажьырныҳәа 4 рзы иазыԥхьагәаҭоуп Шакуранский аӡхыҽҽахьи Кындыӷтәи атерминалтә ӡқәеи рахь аныҟәара. Аныҳәа ахыркәшара амш аҽны "Аԥсҭазаара амҩа" колоннала ҳанысуеит. Аӡҩыбжьа ақыҭа инаркны тҟәарчалынӡа ҳнеиуеит, нас Очамчыраҟа ҳалбаауеит. Уа аҿар аконцерт еиҿыркаараны иҟоуп. Иара убасгьы иӡыргахараны иҟоуп афильм "Аԥсҭазаара амҩа". Ҳара иаҳҭахуп ҳусмҩаԥгатә алахәылацәа ҳҭоурых дҳардырыр", — иҳәоит Никитченко.

Урыстәылеи Аԥсни рџьипперцәа ашықәс ҿыц аныҳәа Аԥсны имҩаԥыргоит еиндаҭрыла ажьырныҳәа 3 — 5 рзы.

Ауснагӡатә еиҿыркааит автоклуб "Внедорожная Абхазия", аилазаара "Джипперы Сочи".

Ажәабжьқәа зегьы
0