Ниу-Иорктәи аконференциа-цәыргақәҵа аԥсуа аԥсарқәа алахәын

© Фото : http://nb-ra.org/Ниу-Иорктәи аконференциа-цәыргақәҵа аԥсуа аԥсарқәа алахәын
Ниу-Иорктәи аконференциа-цәыргақәҵа аԥсуа аԥсарқәа алахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Абанк алахәын Ниу-Иорк имҩаԥысуаз ахәбатәи жәларбжьаратәи анумизматикатә конференциа-цәыргақәҵа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik. Аԥсны Абанк алахәын Ниу-Иорк имҩаԥысуаз ахәбатәи жәларбжьаратәи анумизматикатә конференциа-цәыргақәҵа. Ацәыргақәҵаҟны  Аԥсны астенд рывагылан адунеи аҟны еицырдыруа аукционтә ҩнқәа, акредиттә еиҿкаарақәа, аҭыжьырҭақәа, ахатәы коллекционерцәа рстендқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны амилаҭтә банк аофициалтә саит аҟны.

Апресс-релиз аҟны ишарбоу ала Аԥсны абанк  жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵа алахәра иаанаго адунеижәларбжьаратә џьармыкь аҟны  аԥсуа ԥсарқәа рӡыргароуп. Ацәыргақәҵа алахәра иахықәкы хаданы иҟазгьы аԥсуа ԥсарқәа адунеи зегьы аҟны еицырдыруа анумизматикатә каталог— каталог Краузе ралаҵароуп.

Аԥсарқәа рцәыргақәҵа COINS-2016 - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа аԥсарқәа зегьы рзы иџьашьатәхеит

Аԥсуа стенд аҟны иубарҭан дара аԥсарқәа реиԥш  аҳәынҭқарратә символикеи егьырҭ ареспублика агәалашәаратә ԥсарқәа рыӡбахә англыз бызшәала изҳәо акаталогқәеи.

Аԥсны абанк аусзуҩцәа аконференциа алахәылацәа имҩаԥыргеит ареспубликеи иара абанктә системеи рӡыргара ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аԥсны абанк аофициалтә саит аҟны ишаҳәо ала аконференциа акуратор Кевин Фолли Аԥсны амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа ихьӡала ашәҟәы ааишьҭит ҽааны имҩаԥысраны иҟоу аконференциахь анаԥхьарагьы ацҵаны.

"Жәларбжьаратәи анумизматикатә мчыбжьы" мҩаԥысит Ниу-Иорк ажьырныҳәа 2-10 рзы. Есышықәса иара иаҭаауеит зықьҩыла ауаа. Аколлекциатә материал цәырыргоит ЕАШ (США), Европа, Азиа рҟынтәи адилерцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0