Коӷониаԥҳа: Аԥснытәи атәанчаҩцәа атәанчахәыцҵа роуам

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа абҵара 11 2016 рзы ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит атәанчаҩцәа хә-нызқьмааҭ зыртәо иаку атәанчахәцҵа рырҭаразы азакәан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18  — Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа абҵара 11 2016 рзы ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит атәанчаҩцәа хә-нызқьмааҭ зыртәо иаку атәанчахәцҵа рырҭаразы азакәан, аха уи Аԥсны инхо атәанчаҩцәа аҵанакӡом. Иара убри аан 2017 шықәса жәабранмза инаркны еилых ҟамҵакәа атәанчаҩцәа зегьы рзы аиндексациа ҟалараны иҟоуп ҳәа ҳкорреспондент иалҳәеит Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Ольга Коӷониаԥҳа.

"Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа абҵара 11  2016 рзы ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылаз, атәанчаҩцәа хә-нызқьмааҭ зыртәо иаку атәанчахәцҵа рырҭаразы азакәан, Аԥсны инхо атәанчаҩцәа аҵанакӡом. Иара убри аан 2017 шықәса жәабранмза инаркны еилых ҟамҵакәа атәанчаҩцәа зегьы рзы аиндексациа ҟалараны", — лҳәеит Коӷониа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аиндексациа ахышәа-ҵышәа алацәажәара макьаназ изаацәоуп. Уи еиҳа еилкааны ишьақәыргылахоит жәабранмза алагамҭазы. 

Абҵара 11 2016 шықәса рзы аҳәынҭқарратә Думаҿ ирыдыркылаз азакәан инақәыршәаны атәанчахәцҵа аиндексациа аԥсахуеит. Аԥараиагара зныкны имҩаԥгахоит, ԥхьаҟагьы  атәанчахәы ахышәа-ҵышәа анырра анаҭом.

Ажәабжьқәа зегьы
0