Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аилагаразы ахараԥса иацҵахоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы "Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иадҳәалоу азакәанҧҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагаларазы" азакәан апроект рыдыркылеит. Уи инақәыршәаны аҳәаа аилагаразы ахараԥса иартәоит иреиҵоу аџьахәқәа 100-120 рхышәа-ҵышәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik. Ахаша, ажьырныҳәа 18 рзы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы “Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иадҳәалоу азакәанҧҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагаларазы” азакәан апроект рыдыркылеит. Уи инақәыршәаны аҳәаа аилагаразы ахараԥса иацҵахоит.

Азакәан апроект адепутатцәа ирыдигалеит Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аҧсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба. Зныктәи авиза 700 мааҭ иаԥсоуп, аҳәаа ахысра аилагаразы ахараԥса 600 мааҭ артәоит.

"Иарбоу аусшәҟәы “административтә закәанеилагарақәа рзы иашьашәалоу асанкциақәа зцу ахьырхәратә усмҩаҧгатәқәа рырҕәҕәара азҧхьагәанаҭоит, мамзар ауаҩы изы ахараԥса ашәара еиҳа имариоуп авиза аиура аасҭа", – иҳәеит иара.

Шықәсык аҩныҵҟа административтә еилагара изныкымкәа иҟазҵаз изы азакәан иазыԥхьагәанаҭоит ахараԥса 100-120 улафахәы ахышәа-ҵышәа артәарц. Амаҵзурауаа рзы ари  иартәараны ирыдгалоуп иреиҵоу аџьахәқәа 120-150 ахышәа-ҵышәала ахараԥса ршәаларц. Аԥсны зегь иреиҵоу аџьахә иартәоит 60 мааҭ.

Дмитри Шамба, Аҧсныҟа аареи уи анҭыҵ ацареи рзы аҧҟарақәа ҳәаақәызҵо, Аҧсны азакәанҧҵара адкыларала хазы игоу атәылауаа ркатегориақәа рзы авизатә режим алагалоуп ҳәа еизаз иргәалаиршәеит. 

Дмитрий Шамба зыдгалара мҩаҧысуа азакәан апроект иазҧхьагәанаҭо аҳәаа аилагаразы ишьақәырҕәҕәоу ахараҧсатә нормақәеи ахьырхәратә усмҩаҧгатәқәеи инарҭбааны дырзааҭгылеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0