Иорданиеи Аԥсни аусеицура рыбжьаҵаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит

© Фото : "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"Иорданиеи Аԥсни аусеицура рыбжьаҵаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит
Иорданиеи Аԥсни аусеицура рыбжьаҵаразы  аганқәа еиқәшаҳаҭхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиа имҩаԥысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа. Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аԥснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ажьарныҳәамзазы имҩаԥысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиԥш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора.  Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.

Иорданиа аҳҭны қалақь Амман инхоит зықьҩыла Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Адгьыл ҭыԥқәа рзалырхит усҟантәи османтәи  аимпериа ахадацәа, араб тәылақәа ракәзар,  зегьы хьӡык еиднакылон  "Шьам"-Шьамтәыла. Османтәи аимпериа анеилыбга, атәылақәа рҽеиҩыршеит, анаҩс хаз ҳәынҭқарраны ишьақәгыло иалагеит. Иорданиа ахҵәара иақәшәаны иқәнагалаз Кавказаа афырхаҵара рылан, рыхьӡ-рыԥша  иахьа уажәраанӡагьы

Аԥснытәи аделегациа Иорданиа - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Иорданиа
акыр иҳаракуп. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа иреиуоуп ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара", — ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа иқәгылараҿы.

Иара убас, имҩаԥысит Аԥснытәи аделегациеи апринц Али  бин аль-Хәссеини реиԥылара. Апринц Али,  ибжа черқьес хылҵшьҭроуп.  Иара,  Кавказ аҭоурых  акультура акыр дазҿлымҳауп.

"Сара даара сгәы иахәеит  Аԥснынтә асасцәа дуқәа ҳтәыла иахьаҭааз. Ҳара шьак  ҳаиднакылоит.  Аҭоурых ду змоу жәларуп. Ҳазнысхьоу амҩа ҳхамыршҭкәа, уаҵәтәи амш ҳазхәыцуазароуп. Акультура амч ӷәӷәа амоуп. Амилаҭқәа уи ахырхарҭала реигәныҩра алҵшәа аанагоит", — ҳәа азгәеиҭеит апринц  Али  бин аль-Хәссеин Аԥснытәи аделегациа данырԥылоз. 

Ииԥылараҿы, иара иаҳаракыра апринц изеиҭаҳәан Аԥсны иадҳәалаз ажәабжьқәа, аполитика, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа. Инаҵшьны иазгәаҭан ҳдиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, иара убас ҳтәыла аинвестициа алагалара иазкыз азҵаатәқәа.

Иорданиеи Аԥсни аусеицура рыбжьаҵаразы  аганқәа еиқәшаҳаҭхеит. Акультура, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа рыла ауснагӡатәқәа реиҿкаара, хымԥада  ҳажәларқәа реимадаразы илҵшәа бзианы иҟалоит.

Иорданиа апарламент адепутат Мансур Сиџьаџьеи Аԥснытәи аделегациеи реиԥылараҿы иазааҭгылан аԥхьаҟатәи аусеицуразы рыгәҭакқәа. Адепутат иазгәеиҭеит  азеиԥш   проектқәа рҳәаақәҵара дшазыхиоу. Еиҳаракгьы Аԥснытәи иашьцәеи иареи реимадара арӷәӷәара дшазҿлымау.

Аԥснытәи аделегациа алшара рыман.  

© Фото : "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" Иорданиа иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Борис Болотин иԥылара.
Иорданиа иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Борис Болотин иԥылара. - Sputnik Аҧсны
Иорданиа иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Борис Болотин иԥылара.

Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Ибрагим Мерза иакәзар, аргыларатә наплак ду QSG аҿы аус иуеит. Иара ихы-иԥсы зегьы Аԥсныҟа икыдуп. Изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭаахьеит.  Аԥснытәи аделегациа ирзеиҭеиҳәеит инапы злаку апроектқәа рыӡбахә. Агәра игоит иԥсадгьыл  Аԥсны аԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа аманы ишыҟало.

Иорданиа иҟаз Аԥснытәи аделегациа рзы еиҿкаан ҳдиаспора злахәыз акыр аиԥыларақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0