Ацха иаҩызоуп: амандаринатә ашәыреиларш Есма лҟынтәи

© Sputnik / Томас ТхайцукПриготовление мандаринового варенья с Эсмой Арджения
Приготовление мандаринового варенья с Эсмой Арджения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирацәаҩуп аҳәса ашәыреиларш (варенье-ред) аурҭраҵыҵындра, аҵәа, аҳа иалызхуа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ имаҷуп уҳәар ауеит амандаринала аиларш ҟазҵо. Есма Арџьениаԥҳа, ланду ишыллырбаз арецепт ала аӡынразы иазлырхиоит амандаринатә аиларш. Уи шыҟалҵо иамоу акәамаҵамарақәа лзеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.

Есма Арџьениаԥҳа занааҭла джурналиступ, лусура иахаршәаланы аамҭа маҷны ишлымоугьы, аҩнусқәа, хықәкыла еиуеиԥшым ашәыр хкқәа ирылхны аиларшқәа ҟалҵоит. Лара лажәақәа рыла ланду ашәыреиларшқәа рацәаны иҟалҵон, уи аамҭазы лмаҭацәа идлырбон. Есма, ланду лҟынтәи ауп ахҩарақәа рыҟаҵара абзиабара ахьышьҭылкааз.

"Санду еснагь аӡынразы аҵәахқәа ҟалҵон. Саҳәшьцәеи сареи еснагь уи азҿлымҳара аҳҭон. Амандарина иалхны аиларш аҟаҵара ааигәа салагеит. Сазхәыцит аџьармыкьаҿы иааҳхәар аасҭа ҳҳала иҟаҳҵар еиҳа еиӷьуп  ҳәа. Доусы рхатә рецепт рымоуп. Хымԥада, иара аҟаҵаразы аамҭа рацәаны иаҭахуп", — ҳәа азгәалҭеит Есма.

Амандарина иалхны аиларш раԥхьа акәны иҟауҵозар ауадаҩра ацуп. Ари ашәыр хкы иалху аиларш агьама бзиахарц амарҭхәқәа ииашаны еибыҭатәуп. Аиларш азы амандарина ацырақәа ибжьаратәу еиҳа еиӷьуп, ҳәа азгәалҭоит лара, иҟәазу ажәраҿы иманшәалаӡам.

"Ибжьаратәу амандаринақәа еиҳа еиӷьысшьоит сара, агьамеи асахьеи бзиахоит. Амандарина бзиаӡаны аӡыршы аҟны иӡәӡәатәуп, ашара маиурц азы. Аиларш амандарина иалху ҟауҵар ҟалоит ацәа ишамоу, иара убас ирыцқьаны, уи доусы бзиа ишыибо. Сара иҟасҵоит ацәа ишалоу. Кьылак амандарина иагоит: кьылак ашьақьари, шә-грамк аӡыи.  Амарҭҳәқәа неибыҭаны сааҭқәак иаансыжьуеит, амандарина ажәырӡы  аналҵлак ауп, амца ианақәсыргыло", — ҳәа амаӡақәа еиҭалҳәоит Есма Арџьениаԥҳа.

Аиларш ишышәҭахыу аконсистенциа ҟаларц азы, амца ахылаԥшра аҭахыуп, иазгәалҭоит Есма. Аиларш азы амарҭҳәқәа анеибылҭалак лассы- лассы аилырхра аҭахым ҳәа лҳәоит лара.

"Амандарина ацәа ишалоу иҟасҵоит избанзар, авитаминқәа рацәаны иалоуп, уи агәабзиара  иазеиӷьуп. Аӡынра ирацәаны иҟауҵар аиларш, аԥхынрагьы иуыхәоит. Ирацәаны изжәӡом еибысҭаз аиларш, избан акәзар аџьем иаҩызахоит. Алҵшәа ҟалароуп, аиларш ацха еиԥшны", — ҳәа лҳәоит лара.

Есма лажәақәа рыла, амандарина иалху аиларш ахьыужәуа ачысмаҭәа (посуда-ред), акыр аҵанакәуеит. Уи зынӡа иҵауламзар ауп.

"Зегь реиҳа иманшәало ахҩа змоу ачысмаҭәа ауп, избан акәзар, аиларш еилаларц азы акыр аамҭа иқәыргылатәуп. Аинтернет аҟны игәасҭон даараӡа ирацәоуп аҟаҵашьа авариантқәа. Хадаратәла аиларш ҟасҵоит санду ишыҟалҵоз еиԥш, аха саргьы ҿыцрақәак алазгалеит. Сара схатәы лагалақәа иреиуоуп – акорица ахьасҭо. Уи агьама еиҳа исгәаԥҳоит", — ҳәа лҳәоит лара.

Амандарина иалху аиларш ржәуеит сааҭк инеиҳаны, уи аамҭазы иара зҭаҳҭәо азҳархиоит. Есма иазгәалҭоит, ашәыреиларшы ишшу аҭра иҭоуҭәар шыҟамло.

Амандарина иалху аиларшы ачаи иадкыланы иужәыр ҟалоит, иара убас ахаа аӡра бзиа избо, еиуеиԥшым ачашәқәа (пироги-ред) иргәыларҵар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0