Аекскурсиатә маршрут ҿыц "Старый Сухум" хацдыркоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрреи, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, "Атуризм азы Аԥснытәи аидгылеи" рхаҭарнакцәа злахәыз апресс-конференциа.
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрреи, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, Атуризм азы Аԥснытәи аидгылеи рхаҭарнакцәа злахәыз апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik апресс-центр аҿы аԥшьаша, жәабран 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрреи, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, "Атуризм азы Аԥснытәи аидгылеи" рхаҭарнакцәа злахәыз апресс-конференциа.

АҞӘА, жәабран 2– Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра гәҭакны иамоуп Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум" шьаҭас иҟаҵаны аекскурсиатә маршрут ҿыц аԥҵара. Абри атәы апресс-конференциаҟны иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Ҳара аминистрраҟны Анзор Агәмаа ишәҟәы ҳанаԥхьа иҳауит агәаанагара иара шьаҭас иҟаҵаны амаршрут ҿыц аиҿкаара акыр ишьахәхоит ҳәа. Ақалақь аҟны ирацәоуп зхатәы ҭоурых ҵаула змоу ахыбрақәа", — иҳәеит Ахба.

Уи адагьы иара иажәақәа рыла амаршрут иахыԥхьаӡалахар алшоит акрыфарачарҭақәагьы, аинфраструктура аизырҳаразы, арҿиаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0