Алхас Ферзбеи Польшатәи афилармониа аоркестри аконцерт еицымҩаԥыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСергеи Рахманинов ихьӡ зху аконкурс аҟны аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба актәи аҭыԥ даԥсахеит
Сергеи Рахманинов ихьӡ зху аконкурс аҟны аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба актәи аҭыԥ даԥсахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла имҩаԥысыз Сергеи Рахманинов ихьӡ зху афбатәи Жәларбжьаратәи аконкурс аҟны аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба актәи аҭыԥ даԥсахеит.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Польшатәи афилормониа аоркестри сареи аконцерт еицымҩаԥаагаран ҳаҟоу, абри атәы иҳәеит аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба.

"Урыстәыла имҩаԥысыз Сергеи Рахманинов ихьӡ зху афбатәи Жәларбжьаратәи аконкурс аҿы исанашьаз аиааира анаҩсан, ажиури иалахәыз ашәаҳәаҩцәеи, адирежиорцәеи сҟазара алкааны, ааԥхьара сырҭеит Польшатәи афилармониа аоркестри сареи аконцерт еицымҩаԥаагарц", — ҳәа иҳәеит Алхас Ферзба.

Аоператә шәаҳаҩы Алхас Ферзба иажәақәа рыла, ирҿиараҿы иреиҳау иааироуп ҳәа уҳәар ауеит ари аконкурс аҟны ианашьахаз аԥхьахә. 

"Сызлахәыз аконкурсқәа зегьы хазы-хазы урзааҭгыларц ахәҭоуп. Ауадаҩрақәа рыцын зегьы, аха еиԥшӡамызт. Акамертә музыка еиҳа иуадаҩуп, аоператә ашәа анагӡара аасҭа. Аоператә аҟны убжьы ҭыганы ашәа уҳәоит, акамертә аҟны еиха исахьаркны иаарԥштәуп", — ҳәа ациҵеит иара.

Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзаба диит Аԥсны еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рҭаацәараҿы. Ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа далгеит амузыкатә школ авиолончель акласс, адиплом ҟаԥшьыла. Уи анаҩсан далгеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿыханҵа азанааҭ ала. Шықәсык аҵара иҵон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Николаи Наиденов иҟны. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0