"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны аиҳарак иаиуа афымцамч Урыстәылатәи ауп

CC0 / / Аԥсны аиҳарак иаиуа афымцамч Урыстәылатәи ауп
Аԥсны аиҳарак иаиуа афымцамч Урыстәылатәи ауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәафымцамч" аусуҩцәа аԥыхра иаҿуп звольт ҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба ироуз ааха.

АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Уажәтәи аамҭазы Аԥсны аиҳарак иаиуа афымцамч Урыстәылатәи ауп, иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Ҭимур Кациа.

"Аҟәа ақалақь аиҳареи Аԥсны мраҭашәарахьтәи агани Урыстәылантәи афымцалашара роуеит, ЕгрыГЕС аҟынтәи афымцалашара аиуеит Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭа", — иҳәеит Кациа.

Ус иҟоуп асоура иахҟьаны ааха зауз звольт ҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба реиҭашьақәыргылара иахьаҿу азы.

"Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭан фымцацәаҳәак ԥҵәеит. Уа ҳусуҩцәа аиҭашьақәыргыларақәа ирҿуп, иаарласынгьы ирылгоит, егьи аԥхасҭа ахьыҟалаз аԥшаара иаҿуп. Уахь анеира уадаҩуп асы рацәаны иахьышьҭоу иахҟьаны. Ишаҳаԥшаалак аусурақәа хацҳаркуеит", — иҳәеит Кациа.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаԥҵоуп Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҿы дыҟоу аоперативтә штаб, иҟалар зылшо аҭагылазаашьа ҷыдақәа ишалшо ала аҭыԥ рықәҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0