Лера илеиӷьу адунеиаҿ дыҟам: Лера класск аҿы илыцтәоу ишрылшо ала илыдгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерия Адлейба
Валерия Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Адунеи уакәшаргьы Лера илеиӷьу дузыԥшаауам", "Лера, 6 "А" бара ҳбыдгылоит" абас иҟоу алозунгқәа рыла очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа Лера ишлыдгыло аадырԥшырц иақәыркит.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Амузыкатә шоу ҿыц "Ты супер!" алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа лзы акыр ргәы хьаауеит лара лышкол аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, очамчыраа. Дара ирыӡбеит "Адунеи уакәшаргьы Лера илеиӷьу дузыԥшаауам", "Лера, 6 "А" бара ҳбыдгылоит" ҳәа зну аплакатқәа кны лара ишлыдгыло аадырԥшырц. Валериа класск аҿы аҵара лыцызҵо Лана Лакашьиаԥҳа иазгәалҭеит лҩыза лықәгылара акыр дшазыԥшу.

"Ҳара зегьы Лера лықәгылара ҳазыԥшуп. Лиааира ҳазыԥшуп. Акыргьы дыгәхьаагахьеит. Сара сгәы иаанагоит ихадароу ашоу ахаҭа дахьалахәхаз ауп", — лҳәеит лара.

Арлен Ӷәынџьиа иакәзар, Лера згәылызцо арԥарацәа рыхьӡқәа ҳазӡыригеит.

Авокалтә еиндаҭлара Ты супер! мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса жәабран 11 рзы - Sputnik Аҧсны
Ашоу "Ты супер!" НТВ аҟны жәабран 11 рзы шәахәаԥшыр шәылшоит

– Сара Лера бзиа дызбо здыруеит. Сҩыза Даниа, Омар – ихы нарызирхеит иҩызцәа. Аҷкәынцәа ракәзар, аӡәы дхәацаԥшьха днеибакит, егьигьы ихы ахьигара имоуа даашаҟь-шаҟьеит.

– Уара? – сҵааит сара.

– Сара сылҩызоуп. Аԥшьбатәи акласс аахыс дыздыруеит. Аӡәы лгәы цәиҟьар зуам.

Валериа лҩызцәа бзиа дзырбо дахьыԥшӡои аҟазара ҷыда ахьлылоуи рымацара рзы акәым. Сандро Ҭарбагьы маӡақәак ҳзааиртит:

"Лера даара згәы ҭбаау аӡә лоуп. Еснагь уцхраара дазыхиоуп. Шамахамзар аурокқәа дырзыҟаҵоуп. Аконтролтә усурақәа раан ахҩылаараз лтетрад ҳалҭалоит. Иара аҩныҟатәи адҵақәагьы лассы-лассы лара лҿы ихааҩылаауеит", — иҳәеит Сандро.

Акласс анапхгаҩы Сиузанна Ҭарԥҳа лакәзаргьы Лера лашәаҳәара лҵара иаԥырхаганы илбом. "Валериа хәбаҳәа аҵара лҵоит. Акыр аҭакԥхықәра змоу ҵаҩуп. Дназлагаз зегьы аҵыхәанӡа иналыгӡароуп", — лҳәеит арҵаҩы.

Аиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны.

Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа. Иара иалахәуп 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0