Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

© Sputnik / Томас ТхайцукМушьни Миқаиа
Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭан ииз, аԥсуа шәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа иахьа 86 шықәса ихыҵуеит. Аҟаза ду дызҭагыло аамҭа анаҩсангьы, ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара даԥшны иаԥиҵоит иҩымҭақәа. Ус ианыҟамла, апоет, ма апрозаик иҩымҭақәа иара даныҟам иаархашҭыр ауеит.

Мушьни Миқаиа иҿцәажәахьо дарбанызаалак имбарц залшом, иеиԥш ажәытә аԥсуа лексика еиқәырханы измо иԥшаара шыуадаҩу. Мушьни иҿцәажәара, абызшәадырразы зегь иреиҳау лекциоуп, ажәытәуаа ишырҳәоз еиԥш, ихацламҳә иарҵысуеит набыцрак злам аԥсуа бызшәа.

Абарҭ маӡас ирыҵо дазааҭгыло, иара иинтервиуқәа рҿы иҳәахьан, апоет дахьынхоз "Кәтол ақыҭан Тури ихәы ҳәа иахьашьҭаз "ажәабжьҳәаҩцәа еизон", ҳәа. Апоет дхәыҷаахас, урҭ жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа зырҿиоз ажәытәуаа рҵаҩцәас иман, иара аҵаҩ иаҳасабала акыр иҟазаз иакәны иҽааирԥшит ирҿиамҭақәа рҿы.

Инна Хашба - Sputnik Аҧсны
Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр ирҿиара ахәыҷқәа акыр ирзааигәоуп

Иахьа Мушьни ихыҵуеит 86 шықәса, ашәҟәыҩҩи аамҭеи реизыҟазаашьа уахәаԥшуазар, иара дзыхьӡаз рацәоуп. Мушьни дцәырҵит аԥсуа литератураҿы 1962 шықәса инаркны. Убри нахыс, иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсуа литература амхурсҭа дҭоуп. Иахьа игәамбзиара иахҟьаны аҩны дыҟазаргьы, зегь акоуп, иахьеи уахеи аԥсҭазаара еилашы идунеи аргәаҭеиуеит, икаламгьы макьана ԥсшьара ақәым.

Мушьни Миқаиа апоет иаҳасабалоуп иԥсҭазаара аӷьырак шымҩаԥысуаз. Аԥсуа ԥхьаҩцәа иргәалашәоит уи ипоезиатә еизгақәа: "Ашәҭи аӡаӡеи", "Ашара ашьҭыбжь", "Иалкаау" уҳәа лирикатә ҟазшьала иқәҵоу апоезиатә рҿиамҭақәа зныз. Мушьни ирҿиараҿы иуԥылоит, абзиабаратә, ауаажәларратә, афиолософиатә лирика. Иажәеинраалақәа рӷьырак азикуеит иқыҭа гәакьа Кәтол:

"Ухьӡала сцәажәарц сҭахуижьҭеи иҵӡозеи,

Аха иахьагьы исзымгәаӷьыц ажәак аҳәара"

Абас иҳәоит апоет иқыҭахь имо абзиабареи, уи ахцәажәареи гәаӷьыуацәаны иаарԥшуа. Мушьни уаҩԥсык иаҳасабала дышгәыбылҩу аанарԥшуеит иҩыза гәакьа, апоет қәрахьымӡа Анатоли Аџьынџьал ирлас-ырласны ирҿиараҿы дахьигәалашәо:

"Ишԥасҭаху, мшаҽнеиԥш ҳаицәжәар ҳаидтәалан, 

Иахьак схы уҭалаӡеит, Толиа, зынӡа,

Агаҿа шыҟоу снықәлоит са схала,

Аха алабазаҵә еиԥш санхалоит амҩа заҵәӡа".

Апоет ателехәаԥшреи арадиои иеиҭахьоу иинтервиуқәа зегь рҿы иуԥылоит иҩыза гәакьа иҟамзаара иахьа уажәраанӡа ишхьааиго, адунеи иқәзаара дшахыбаауа иҩыза ида. Апоет ирҿиамҭақәа рҿы, иуԥыло абзиабаратә мотивқәа зынӡа ԥсуаҵас иныҵакшәоуп ишыҟоу. Иара иҟазшьам амыцхә ихту ацәалашәарақәа раарԥшра:

"Хәылԥазыла, аԥсымра аҭашәамҭаз,

Сара снышәынҭра агәашә ашьшьыҳәа иаартла,

Ахәылԥаз аҳәҳәыҳәа аӡаӡа акаԥсамҭаз

Сгәы инықәҵан ашәҭқәа ршьыҵәра бцала".

Иуаҩыбжара дахысхьан поет Мушьни Миқаиа аԥсуа ԥхьаҩцәа ироман "Ахҟа" ацәырҵрала ианиршанхаз. Аибашьра ашҭахьтәи аԥсуа литеаратура иаланагалаз ароманқәа иреиуоу "Ахҟа" аԥсуа ԥхьаҩы дазыԥшымызт. Дазыԥшымызт, избанзар, апоет даагылазар инапы алакын апоезиа, иара убас, жәлар рҳәамҭақәа ирылхны ажәабжь кьаҿкәа иҩлон. "Инеиҵыху апрозатә ҩымҭа, шықәсқәак рышьтахь, нап асыркуеит ҳәа сыԥхыӡ иалашәаргьы ихасҵомызт. Ихасҵомызт, сыгәгьы иҭамшәацызт, избанзар, саагылазар цәгьа изҩы, бзиа изҩы ажәеинраалақәа ракәын снапы злакыз", — иҩуеит иара ароман аԥхьажәаҿы.

Гьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ӡиӡариа: алитература акафедра иашьагәыҭны иҟаз Гьаргь Гәыблиа иакәын

Апоет ишазгәеиҭаз еиԥш, ҭаха ирҭомызт "х-қыҭак иршаеҵәаҵәҟьоуп" ҳәа иахьашьҭоу даныхәыҷызтәи илакәқәа ахьыҿиоз Тури ихәаҿтәи асахьақәа. Ажәакала, апоет дызлалагаз ахь дгьежьит. Тури ихәы-ароман леитмотивны иалсуеит. Ари ҭоурыхтә романуп. Аамҭала 37-тәи ашықәс хьанҭақәа инадыркны 1941-1945 аибашьра Ду нҵәаанӡа имҩаԥысуаз ахҭысқәа аарԥшуп араҟа.

Ароман, автобиографиатә ҟазшьа амоуп. Автор Адгәыр захьӡу аперсонаж ила ииасхьоу аамҭа асахьа ҭихуеит, аҷкәын хҿыҷ иаб Ҭемраз иакәзар, аԥҭазаараҿы ииашаҵәҟьаны Мушьни иаб Ирод Миқаиа иоуп уҳәаратәы иҟоуп. 1941-1945 шықәсқәа рзы Аибашьра ду далахәын иара. Аамҭаказы, анемеццәа дытҟәаны дыргеит, аӡабгьы ихигеит. Аха, асоветтә мчра ус иҟаз ауаа еснагь ирыцклаԥшуан, атәыла зыԥсахыз џьоук ракушәа бӷеиҵыхрагьы рырҭомызт. Санду маӡала исалҳәалон уи ихигаз атәы. "Џьаргьы ибымҳәан" нацылҵон, аӡә цәгьак иҳәар Ирод иԥырхагамхарц азы.

Ароман аҿы иаарԥшу аб ипрототип Ирод Миқаиа ақыҭаҿы ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын, аус иуан аусҳәарҭаҿы. Иаԥсуа маҭәа ишәҵаны ақыҭа иалганы игоу амҩаду дананысуаз, лаԥшы хаала днаскьаргон ақыҭауаа. Убри аҟынтә, ари ароман уанаԥхьо, уи ахаҵа ихаҿсахьа иаразнак убла иаахгылоит, угәгьы азҩоит, уамак ацәажәара бзиа изымбоз Ирод ихигахьаз рацәан ҳәа.

Терент Чания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷаниа: Кумф Ломиа иҩымҭақәа рыла алитература ашҭа дҭалеит дыӷәӷәаӡа

Ароман "Ахҟа" Мушьни Миқаиа ииааирақәа ируакуп уҳәар ауеит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы удыршанхоит уаҟа иуԥыло жәлар рҳәамтақәа рхаҿра зныԥшуа алексика: "Лацәарӡасрак аиҳа шԥоухымҵи, уара аамҭа ӡырҩаш! Убри исаҭәашьаз аԥхыӡ еимҟьарагьы гәырҩала иухыугааит, лаӷырӡыла иажәроугааит ҳәа лахьынҵас ҳазшаз исиҭахьазаарын, ахәаша!"

Абас ҳгәаҳҽанӡамкәа, 2003 шықәсазы апоет иҳадигалаз ароман иаанарԥшит Мушьни Миқаиа апрозаҿьы дшаҵамхоз. Ес-хышықәса Дырмит Гәлиа ипремиа аиуразы арҿиаҩцәа рыбжьара аицлабра цоит. Арман "Ахҟа" уи апремиа аиуразы иқәгылан. Аха, аиааира агара иара иақәашьымхеит. Мушьни Миқаиа даҽа ҩынтә иҽԥишәеит Дырмит Гәлиа ипремиа аиура, иқәгылан уи иеизгақәа "Аххьа рахәыцқәа", "Амза аҭәымҭа" аха "Макьана уаԥсам" аанарго рыбжьы ирымҭеит…

Ашәҟәыҩҩы изы, зегь реиҳа ихадоу апремиақәеи аорденқәеи ракәӡам, ихадоуп аԥхьаҩ игәыблыра. Ашәҟәыҩҩы иҟазара зегь ззырхоу аԥхьаҩцәа роуп. Абри аганахьала, иахьа 86 шықәса ирҭысны 87-тәи ашәхымс инахыҵуа Мушьни Миқаиа аразҟы змоу рҿиаҩуп уҳәар ауеит, избанзар, иара димоуп аԥхьаҩ.

"Сара сбықәгәыӷуеит…." абас аҵаҩуп Мушьни Миқаиа исиҭаз ашәҟәқәа руак. Акәты иалшо, акәтаӷь рҳәоит. Абри анҵамҭа хәыҷ сылшеит аԥхьаҩ лаҳасабала. Шьардаамҭа, Мушьни Миқаиа. Агьангьашреи аиашареи еснагь –Ахҟа рыбжьоуп!

Ажәабжьқәа зегьы
0