Аҵара бзиаӡаны изҵо аекономикатә факультет астудентцәа астипендиақәа рыҭахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк аҳәамҭа ҟанаҵеит ААУ аекономикатә факультет астудентцәа рҟынтәи аҵараҿ ибзиаӡаны зхы аазырԥшуа астипендиақәа ранашьахоит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк аҳәамҭа ҟанаҵеит ААУ аекономикатә факультет астудентцәа рҟынтәи аҵараҿ ибзиаӡаны зхы аазырԥшуа астипендиақәа ранашьахоит ҳәа. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит Амилаҭтә банк анҭыҵтәи акоммуникациақәа рганахь ала аҟаза Лиана Агрԥҳа.

Астепендиақәа рызшәахоит аекономикатә факультет аҟны алатәаратә формала аҵара зҵо астудентцәа.

"Астепендиа роурц азы астудентцәа ибзиаӡоу ахәшьарақәа рымазароуп", — лҳәеит Агрԥҳа.

Амилаҭтә банк анҭыҵтәи акоммуникациақәа рганахь ала аҟаза Лиана Агрԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

5 000 мааҭ зыртәо астипендиа есымза ишәалахоит. Астипендиа ахыԥхьаӡара ԥкым. Абри анаҩсгьы аекономикатә факультет астудентцәа зегьы ироуеит алшара Аԥсны Амилаҭтә банк аҟны аԥышәара ахысразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0