Ҭимур Кациа: ЕгрыГЕС аамҭала иаанкылоуп

© Sputnik / Роберт ДжопуаЕгрыГЕС
ЕгрыГЕС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС аанкылара Џьуартәи аӡеизакырҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иҟоу агенерациеи еидызҳәало атоннель агәаҭароуп изыхҟьо.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ЕгрыГЕС аанкылара Џьуартәи аӡеизакырҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иҟоу агидроагрегатқәеи еидызҳәало атоннель агәаҭароуп изыдҳәало, иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Ҭимур Кациа.

Кациа иажәақәа рыла аусурақәа рымҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа, аха уаанӡа ихыркәшахозар, ЕгрыГЕС аусура хацыркхоит. 

Ари атоннель аҟны аҵыхәтәантәи аусурақәа мҩаԥган 2006 шықәса рзы. Анормативқәа ирықәыршәаны аусурақәа ес-хәышықәса имҩаԥгалатәуп. Иахьазы имҩаԥырго амониторинг алкаақәа инақәыршәаны 2018 шықәса рзы атоннель аҟны аремонттә усурақәа ирылагоит.

ЕгрыГЕС аусура хацыркхеит 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны иҟоуп. ГЕС амчхара 1300 мегаватт инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0