Иасносокирски: Чуркин иус иацызҵо ауаа ҳамоуп

© Sputnik / Vitaliy BelousovЖәабран 20 рзы Ниу-Иорк иԥсҭазаара далҵит ООН аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин
Жәабран 20 рзы Ниу-Иорк иԥсҭазаара далҵит ООН аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, жәабран 20 рзы Ниу-Иорк иԥсҭазаара далҵит ООН аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин.

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Витали Чуркин иахьа дҳагхеит, аха Урыстәыла иҟоуп иара иус ишахәҭоу еиԥш иназыгӡаша адипломатцәа иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Иури Иасносокирски.

"Ари еиԥш иҟоу ауаҩы иԥсахра залшом. Аха Урыстәыла иҟоуп иара иус ишахәҭоу еиԥш иназыгӡаша адипломатцәа. Сара хаҭала издыруеит усеиԥш иҟоу ауаа. Иаҳҳәап, Пиотр Иличев еиԥш иҟоу", — иҳәеит иара.

Ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ иациҵеит Витали Чуркин еснагь аиаша дшашьҭаз. Иара иааигәара еснагь иҩаӡара аҟынӡа аҟазаара уҭаххон ҳәа азгәеиҭеит адипломат.

"Витали Чуркин ганрацәала адырра иман – акиноқәа рҟны иҽҭихуан, аҵаақәышьқьырраатә спорт инапы алакын", — иҳәеит Иасносокирски.

Витали Чуркин ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс дыҟан 2006 шықәса мшаԥымза 8 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0